Арадио

Аблоҭиа акиносахьа "Аҵыргәақәа": "Ухыза заҟароу гәаҭаны ушьапы еиҵых" ҳәа иҭаҳхит

Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иҭыихыз акиносахьа ҿыц "Аҵыргәақәа" атәы, аҟәрышь аганахьалагьы ирызцәырҵыз ауадаҩрақәа ртәы иҳәеит.
Sputnik
Есышықәса "Аԥсуафильм" иазоурыжьуеит миллионк мааҭ аԥара. Уи ҳара иахәҭоуп ҳәа ишаҳаԥхьаӡо инаҳхуеит, ма адублиаж ҟаҳҵоит, ма афильм ҭаҳхуеит, ҳәа азгәеиҭеит Аблоҭиа арадиоефир аҿы.
"Аҵыргәақәа" аҭыхра акрааҵуан сазхәыцуеижьҭеи. Ажәабжь ахаҭа маҷк икьаҿхошәа збан, Фазиль Искандер иажәабжь "Аԥсыӡкра" иаԥшьны, еидҳәаланы иҟасҵеит. Аарлаҳәа иҳазхеит аҟәрышь, избанзар, акино ахә даара ицәгьоуп. Амҿы ахә асмета ианаҳҵеит, аха афильм аҭыхра ҳалагаанӡа уи ахә хынтә еиҳахеит. Цәгьала ҳаизыбырхеит. Миллионк уи маҷуп афильм аҭыхразы", - ҳәа иҳәеит Аблоҭиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.