Аԥсны

Аԥсны COVID-19 аҟынтәи 19 нызқьҩык рҟынӡа алаҵа ҟарҵахьеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра атәылауаа иргәаладыршәоит урыстәылатәи алаҵақәа "Спутник Лайт", "Спутник - V" алаҵа ҟазҵарц зҭаху рызхара аҭаҵәах шрымоу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Аԥсны апандемиа ҵысижьҭеи алаҵа ҟарҵахьеит 18 998-ҩык ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.
Реиҳараҩык - 10 608-ҩык алаҵа ҟарҵеит ҩ-лаҵак рыла ишьақәгылоу "Спутник V". 8 390-ҩык "Спутник Лайт" еиҳа еиӷьаршьеит.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҿкчымазара аиқәтәара шазгәаҭоугьы, аҟазаауа ачымазара аҟынтәи реиҳа узыхьчо акакәны иршьоит- алаҵаҟаҵара.
Хәажәкыра 26 азы аоперативтә штаб иамаз адыррақәа рыла, Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 341-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 49 887-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 679-ҩык.