Арадио

Џьопуа: цхыраара бзианы иҳауит амашьына ҿыцқәа, иҟаҳҵо ҳақәдыршәоит

Аҟәа Аҳабла ҿыц ацхыраара лас астанциа ҩаԥхьа аусура иалагеит. Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит русура аиҭахацыркразы иахьынӡеиқәшәоу атәы.
Sputnik
Апандемиа аамҭазы Аҳабла ҿыц аҿы иҟаз ацхыраара лас ауадақәа асанитартә маҵзура аамҭала иаҭан ҳәа иҳәеит Џьопуа арадиоефир аҿы.
"Уа ирыдыркылон анализқәа аҿкы чымазара змоу ҳәа агәҩара змаз рҟынтә. Уажәы - анкьа ишыҟаз еиԥш абригада еиқәшәаны итәоуп, аҷаԥшьарақәа рымоуп. Ауадақәа зегьы рыцқьаны иҟоуп, аҿкы ашьҭра ҳәа акгьы ыҟаӡам уа. Иҳатәуп, аҿкы чымазара инаваргылан ишыҟаз егьырҭ ачымазарақәа, агәыхь, ашьақәыӷәӷәара ҳаракы уҳәа. Еиҳарак имаҷны иҟаз авирустә чымазарақәа ракәын. Иахьа аҿкы чымазара еиҳа иагхазаргьы, егьырҭ шыҟац иҟоуп", - еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аҳҭнықалақь ацхыраара лас аҳақьым хада иҳәеит амашьына ҿыцқәа ачымазаҩ имҩаԥгараҿы иаҳа ҳарманшәалон, избанзар еиқәшәан иаҭаху амаругақәа рыла. Цхыраара бзианы иҳауит урҭ амашьынақәа, иҟахҵо ҳақәнаршәоит ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.