Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АШәМ иааннакылеит 60-ҩык украинатәи агәыԥ "М.К.У." адгылаҩцәа

Украинатәи анеонацисттә ҿартә гәыԥ "М.К.У." аԥҵоуп украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапхгарала.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Урыстәыла 23 регион рҿы иааннакылеит 60-ҩык украинатәи анеонацисттә ҿартә гәыԥ "М.К.У." адгылаҩцәа ҳәа аанацҳауеит УА АШәМ.
Аоперациа еицымҩаԥыргон Урыстәыла АШәМ, Урыстәыла ААР, Ашьаусҭҵааратә еилакы.

Украинатәи анеонацисттә ҿартә гәыԥ "М.К.У." аԥҵоуп украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапхгарала Урыстәыла иахьаҵанакуа атеррористтә актқәа рымҩаԥгаразы, ашьаҭаркҩы - Украина атәылауаҩ Егор Краснов.

Амчра ахаҭарнакцәа иааныркылаз ирыдырбалеит ашәҟәы иҭагаламыз абџьари аџьаԥҳани, Краснови дареи рышәҟәеимдарақәа, афото-, авидеоҭаҩрақәа акциақәа рымҩаԥгаразы, аинструкциақәа.
Раԥхьаӡа акәны "М.К.У." адгылаҩцәа шаанкылоу азы УА АШәМ адырра ҟанаҵеит 2021 шықәсазы. Усҟан 13-ҩык анеонацистцәа аанкылан Геленџьик, аӡәы — Иарославль. Иара убасгьы еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы дара ааныркылахьан Подмосковие, Анапа, Чита.
2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иаанкылан 106-ҩык "М.К.У." адгылаҩцәа. Краснов ҩыџьеи инареиҳани рышьразы латәарада дарбаандаҩит Басмантәи аӡбарҭа.