Арадио

Ҭарба "Кавказ" афилармониаҟны ақәгыларазы: ҳазбар зҭаху зегьы ҳарзыԥшуп

Аҿкчымазаразы аԥкрақәа ирхырҟьаны акраамҭатәи аԥсшьара ашьҭахь ансамбль "Кавказ" асценахь ицәырҵуеит. Донбасстәи ахҵәацәа рзы еиҿкаахо аконцерт далацәажәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба.
Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны иахьа асааҭ 18:00 азы ансамбль "Кавказ" аконцерт хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит. Ари раԥхьатәи қәгылароуп апандемиа цоижьҭеи аҵыхәтәантәи ҩышықәсеи бжаки ирылагӡаны. 2017 шықәсазы ансамбль агастрольқәа мҩаԥнагахьан Донецки Лугански, усҟан 11 қәгылара аман.
Апандемиа аамҭазы ансамбль аанзыжьыз акәашацәа ыҟоуп, иҳәеит "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.