Аԥсны

"Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс": аҿар ртеатр аспектакль ҿыц ықәнаргылеит

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Сербиатәи адраматург Бранислав Нушич иҩымҭала аспектакль "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" ықәнаргылеит. Аспектакль ахәаԥшцәа дырбара азгәаҭаеижьҭеи акрааҵуан, аха аԥкрақәа ирыхҟьаны иахыган.
Sputnik
Хәажәкырамза 30 ахәылбыҽха Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еизеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Урҭ арахь иааит Аҿар ртеатр иқәнаргылоз аспектакль ҿыц "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара ашҟа. Шьоукы ашәҭқәа ргәыдыҳәҳәала иԥшын, шьоукы лахҿыхӡа иҭырхуан рфотосахьақәа, ажәакала угәалаҟазаара шьҭызхуаз аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵан атеатр аҿаԥхьа.
Алиса Аҩӡԥҳа лымкаала бзиа илбоит атеатр аҭаара. Лажәақәа рыла, гәадурак илзаҩызахеит аспектакль аԥхьарбара амш анрылаҳәаха:
"Аиашазыҳәаны даара сгәалаҟара бзиоуп, сара сықәгылоушәа ауп сшазнеиуа иахьатәи амш. Агәра ганы сыҟоуп, алахҿыхреи аччареи шацу ҳазхәаԥшраны ҳаҟоу аспектакль" , - ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит ахәаԥшҩы.
Аҿар ртеатр аспектакль "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
Атеатр аиҳабы Аслан Еныкь аспектакль дазааҭгыло, арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәахьан:
"Сербиатәи адраматург ипиеса "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" аԥсуаа рцәаҩа-рҟазшьа даараӡа иазааигәоуп, ҳара иҳалиааз иҩызшәа иҟоуп. Алахҿыхреи аччареи зцу ақәыргыламҭа ҿыц сгәы иаанагоит ахәаԥшцәа иргәаԥхап ҳәа", - азгәеиҭеит Еныкь.
Атеатр ашәқәа аанартит, аспектакль алагара иаамҭоуп. Ахәаԥшцәа рҭыԥқәа аанкыланы инатәеит. Анапеинҟьабжьқәа геит, "ҳахиоуп" аанарго. Иасит аҵәҵәабжьы, аспектакль иалагеит.
Азал иҩныҩуеит амузыка абжьы, аамҭаказы илашьцароуп, нас ашьшьыҳәа иаалашоит, ицәырҵуеит асахьақәа, урҭ ирыгәҭылак актиорцәагьы.
Аҿар ртеатр аспектакль "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
Ахамабзиара зызцәырҵыз "аминистерша"
Аспектакль азкуп иаалырҟьаны иминистрхаз иԥшәмаԥҳәыс шьаҭанкыла лҽеиҭакра. Ари аҩыза аԥсҭазаара иашьцыламыз аԥҳәыс лхы еилагама уҳәаратәы аҟынӡа днеиуеит, лара илызцәырҵит: ахамабзиара, аџьашьахәра, аԥсымҭәра, ашьыцра, азымчҳара, уимоу илҭаххоит лҭаацәагьы лус хәымгақәа ирылалырхәырц.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Есма Џьниаԥҳа илылшеит актиорцәа рыбжьара арольқәа шьахәла реихшара. Аспектакль иалахәыз актиорцәа зегьы ибзиаӡаны рхы аадырԥшит, ррольқәа ҭахԥхықәрала иазнеины ахәаԥшҩы иҟынӡа инаргеит. Аминистр иԥшәмаԥҳәыс Живка лроль хада налыгӡон Альдона Адлеиԥҳа, уи лыԥҳа Дара лроль налыгӡон Лана Гьергьиаԥҳа, лыԥшәма Чеда ироль наигӡон Вадим Абыхәба, урҭ ргәылаԥҳәыс Марина Арсҭааԥҳа.
Аҿар ртеатр аспектакль "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
Ҭынч инхо Живка Попович иаалырҟьаны аминистрс дҟалоит, уинахыс аҭаацәара рыԥсҭазаара иаразнак аҽаԥсахуеит. Аминистр иԥшәмаԥҳәыс лхаҵа ичын данаалартә еиԥш ишахәҭоу ацәажәара, агылашьа, атәашьа дрызхьаԥшуа далагеит. Даақәгыланы, зегьы тәамбахә иҟаҵаны, лхы "министерша" ҳәа азылҳәеит, уи акәхеит, зегьы лнапаҵаҟа иҟоушәа лхы мҩаԥылго далагеит. Лымаҳә Чеда датәалбом. Лыԥҳа чынла еиҳау ахаҵа изыԥшаара нап алыркуеит, аха акгьы лзалҵуам. Дара лан лхымҩаԥгашьа даҿагылоуп, дақәыӡбоит, илыцәтәыму аҟазшьақәа лыдылбалоит, лара уи лзеилкаауам. Аха хара дзымцеит илымбацыз, илыцәтәымыз, аԥсҭазаара амҩала.
Ахәаԥшцәа рцәанырра
Аспектакль шьақәгылан ҩ-актк рыла, антракт аамҭазы ахәаԥшцәа ирбаз-ираҳаз ишазыҟаз еилаҳкаауан.
"Агәырӷьареи алахҿыхреи зцу аспектакль убас сгәалаҟазаара шьҭнахит, азҿлымҳара ду аарԥшны сазыԥшуп аҩбатәи ахәҭа алагара. Актиорцәа рыхәмарреи ихадоу ароль назыгӡо лхымҩаԥгашьеи цәгьала исгәаԥхоит", - лҳәеит ахәаԥшҩы Амина.
Антракт нҵәеит, иалагеит аҩбатәи ахәҭа. Уи еиҳа уаршанхон, ахәаԥшцәа иҟаларызеишь ҳәа иазыԥшын. Асценахь ицәырҵит иҿыцу ахаҿсахьақәа.
Аҿар ртеатр аспектакль "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәа инарҷыданы, аспектакль иалахәын ААУ актиортә ҟазара аҟәша ахԥатәи акурс астудентцәа. Дара рзы ари акрызҵазкуаз қәгыларан, уи ала ирыхьчон ркурстә усумҭа. Ахәшьара аиҭон аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь.
Астудент Расида Сулааԥҳа иналыгӡон аԥҳәыс цәгьаҳәаҩы лроль, лажәақәа рыла, иналыгӡоз ароль ахаҿсахьа дацәтәымуп, аха ус шакәызгьы анагӡарагьы лылшеит.
"Ҳәарада ҳгәы хыҭ-хыҭуан, еиҳараӡак ҳақәгылара ҳкурстә усумҭа ахьчара иахьазкыз , аха аԥышәа хәыҷык ҳаман, знык-ҩынтә рааҟара ақәгыларақәа ҳрыладырхәхьан. Сара инасыгӡоз ароль сацәыхаран, сацәшәеит азныказы, аха ҳаиҳабацәа рыбзоурала сшәара схыԥсааит", - лҳәоит лара.
Сыгәҭаққәа зегьы нагӡахеит
Аспектакль аԥсуаа ҳаҩнуҵҟатәи ҳаԥсҭазаашьа акыр еиԥшуп, еиҳарак лассы-лассы имҩаԥысуа аполитикатә ҭагылазаашьақәа. Арежиссиор-ақәыргылаҩ илылшеит аӡәгьы игәы нмырхаӡакәа уи аарԥшра. Есма Џьениа илҳәоит, лыгәҭакқәа зегьы шынагӡахаз, деигәырӷьоит актиорцәа рықәҿиара, ишрықәҿиаз- дырҵабыргуан акыр аамҭа еихсыӷьра зқәымыз анапеинҟьабжьқәа.
Аҿар ртеатр аспектакль "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
"Аспектакль аҽазыҟаҵара аамҭа ҳцәагеит апандемиа амшала, аха уи аамҭа иалагӡаны аӡәгьы иус игәы ахымшәеит, еиҳагьы ироуит агәацԥыҳәара. Анапхгаҩы изыҳәаны еснагь ҭакԥхықәра дуӡӡоуп ҿыц акы аԥшьгара, аха иулымшо ҳәа акагьы ыҟаӡам адгылара анумоу. Ацхыраара ду сырҭеит атеатр аиҳабыра, актиорцәа, актиорцәа қәыԥшцәа",- азгәалҭеит арежиссиор-ақәыргылаҩ Есма Џьениа.
Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь рықәгылара ахәшьара аҭо иҳәеит, ахәаԥшцәа ирымардоз адгылареи аԥхарреи ргәы шышьҭнахуаз атәы:
Аҿар ртеатр аспектакль "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
"Сазыԥшымызт ас ҳақәгылап ҳәа, избанзар ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ҳанеиԥҟьалоз ҟалалон, аха зегьы ҳариааит. Ахәаԥшцәеи ҳареи аимадара бзиа ҳабжьан, дарбанзаалак актиор изыҳәаны уи хадароуп. Ихәмаруаз астудентцәа ркурстә усумҭа даара ибзианы ирыхьчеит ҳәа сҳәарц сылшоит", - иҳәеит иара.
Сербиатәи адраматург Бранислав Нушич ипиеса "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" ахәаԥшцәа ирбарц рылшоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны, хәажәкырамза 31 рзы.
Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аԥҵан нанҳәа 21, 2014 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала.