Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 50 инареиҳаны арратә хыбрақәа ааха рыҭоуп

Урыстәыла Арбџьармчқәа жәыло аҽа 6 километрак ԥхьаҟа ицеит уахыки-ҽнаки рыла. Иҭархоуп 60-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациа Украина уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 50 инареиҳаны арратә хыбрақәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иԥыржәаз аргыларақәа иреиуоуп: акомандаҟаҵаратә пунктқәа ԥшьба, зенит-ракетатә комплексқәа ҩба – С-300, Изиум иахьаҵанакуа, "Бук-М1" – Курахово иахьаҵанакуа, ареактивтә системақәа ҩба. Аџьаԥҳанышьҭаҵараҭақәа акы, абылтәышьҭаҵарҭақәа ҩба, 38 арратә техника ргыларҭақәа ҳәа иҳәеит арратә усбарҭа ахаҭаранак Игор Конашенков.
Хәажәкыра 30 ауыха иԥжәан Днепропетровск, Лисичанск, Чугуев, Новомосковск рҿы абылтәыҵәахырҭақәа. Арантәи Донбасс еибашьуа украинатәи ар былтәыла еиқәдыршәон.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Мариуполь абандитцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәхоит иҳәеит Кадыров
Уахык ала икажьуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 18, "Байрактар-ТБ2" назлоу.
Арратә операциа иалагазар, Украина иҭархоуп 124 ҳаирплан, 77 вертолиот, 341 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 216 зенит-ракетатә комплекс, 1815 танки акәылӡымашьынеи, 195 реактивтә система, 762 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1689 ак автомабилтә техника.