Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Ԥлиа Акәасқьа ақыҭа анхаҩы ихныҟәгашьа иазкны

Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан инхо Аркади Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны ибзазашьоу, аҳәынҭқарратә проект инақәыршәаны шаҟа хы арахә ирҭаз, иахьазы анхаҩы уадаҩрас имоу атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.