Аԥсны

Аԥсны АҶА ашьхара иӡыз Новгород атәылауаҩ иԥшаара иаҿуп

Урыстәылауаҩ 1970 шықәсазы ииз Мамзышьха ашьхаҟьаҟьара иахьаҵанакуа аҭыԥаҿ дыӡит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ҩаха ҵоит Мамзышьха ашьхаҟьаҟьара иахьаҵанакуа иӡыз иԥшаара иаҿуижьҭеи, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Гагра АҶА аиқәырхаҩцәа ргәыԥ аусуҩцәа ашьхаҟа амҩа иқәлеит адырра шроузашәа мшаԥы 11 асааҭ 23:56 азы.
Мшаԥы 12 азы шьыжьнаҵы аԥшааҩцәа рышҟа инеит даҽа жәаҩык АҶА аиқәырхаҩ-аԥшааҩцәа ргәыԥ.
Аԥшаарақәа лыҵшәадоуп, аха рус иацырҵоит.