Аҩымҭа аԥсшәахь еиҭалгахьан Жәлар рышәҟәыҩҩы, апоетесса Нели Ҭарԥҳа. Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩ Гәдиса Ҭодуа, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ Гарри Дочиа, актиорцәа маҭәала еиқәлыршәеит Стелла Амԥарԥҳа.
Ихадоу арольқәа руак - аҳаираплан аԥсҟы зку ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лавренти Ахба. Аспектакль "Апринц хәыҷы" аҟны ихәмаруеит х-абиԥарак ирыҵаркуа актиорцәа: Асҭан Аџьынџьал, Асҭан Агрба, Леон Барчан, убас ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" аушьҭымҭацәа.