Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуаԥҳа Очамчыра ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара атәы

Очамчыра араионтә еизара адепутат Асҭанда Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара аганахьала.
Sputnik
Очамчыра араионтә еизара адепутатцәа раԥшьгарала Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи дареи реиԥылара мҩаԥган. Ирылацәажәеит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа адгылара рыҭареи иҭышәынтәалам аҭаацәарақәа рҟны изызҳауа хылаԥшра рзуреи атәы. Адепутатцәа рыхәҭаахьала ирҳәеит арҭ азҵаарақәа рыӡбара ишадгыло, убасгьы ахәыҷтәы- церебралтә дабла змоу ахәыҷы иан аԥаратә цхыраара лырҭеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.