Арадио

Аветеринар хада еиҭеиҳәеит иарбан лаҵақәоу ааԥын иҟаҵатәу

Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы арахә змоу, алақәеи ацыӷәқәеи рыԥшәмацәа иргәалаиршәеит иарбан лаҵақәоу иҟаҵатәу ааԥынразы.
Sputnik
Адиагностика аганахьала аусмҩаԥгатәқәа ыҟоуп аимҳәацәгьеи абруцеллиози рзы ааԥыни ҭагалани имҩаԥырго, иҳәеит Џьопуа. Уи азы араионқәа рҳақьым хадацәа адҵақәа рырҭоит, урҭ ачымазарақәа ралмыршаразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц. Ааԥынрала убасгьы инеиԥынкыланы алақәеи ацыгәқәеи алаҵа рзыҟарҵоит ааԥкра рацәыхьчаразы ҳәа азгәеиҭеит аветеринартә ҳақьым хада. Ус еиԥш алаҵақәа мҽхакы ҭбаала иҟаҵатәуп, уи азы алақәеи ацыгәқәеи рыԥшәмацәа рыцхыраара рҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.