Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арышԥҳа ашколхәыҷқәа иаҳа иахьхьысҳау амаҭәарқәа ртәы

Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа арадио аефир аҟны далацәажәеит аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа рдыррақәа рыҩаӡара.
Sputnik
Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа лзыӡырҩит аҳҭнықалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа. Ажәахә аҿы иҟаҵаз алкаақәа инарықәыршәаны, ашколхәыҷқәа рдыррақәа рҿы аихьымӡарақәакгьы ыҟоуп. Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашколхәыҷқәа иарбан маҭәарқәоу еиҳа рдыррақәа ахьхьысҳау , уи зыхҟьо ҳәа илԥхьаӡо.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.