Аԥсны

Аинрал Сосналиев ииааира амарш

Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, аҳәынҭқарратәи арратәи аусзуҩ, Аԥсны уаанӡатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев диижьҭеи 80 шықәса ҵит мшаԥы 23 азы.
Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш азы, Сулҭан Сосналиев хатәгәаԥхаралатәи адыгақәа ргәыԥ напхгара аҭо, Аԥсныҟа даахьан. Анаҩс, араҟа иалагеит иара иеибашьратә ԥсҭазаара…
Аԥсны Афырхаҵа, аибашьра аамҭазы Аԥснытәи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩы, атәылахьчара аминистр Сулҭан Сосналиев аԥсуа-қырҭуатә еибашьраҿы раԥхьатәи аинрал-маиорын. Аԥснытәи арбџьарымчқәа раԥҵареи, аибашьраҟны иааирԥшыз ахаҵареи рзы ианашьан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара.
Аибашьра ашьҭахь, Сулҭан Сосналиев иуалԥшьа наигӡон Аԥсны, акыр аамҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрс дыҟан. 2008 шықәсазы аҟабарда аамсҭақәа ирхылҵшьҭраз Сулҭан Асламбек-иԥа Сосналиев иԥсҭазаара далҵит.
1 / 11

Сулҭан Сосналиев диижьҭеи 80 шықәса ҵит мшаԥы 23 азы.

2 / 11

1942 шықәсазы Нальчик ақалақь аҟны диит Сулҭан Сосналиев.

3 / 11

1961шықәсазы Сызран ақалақь аҟны Сосналиев дҭалеит аԥырратә ҵараиурҭа.

4 / 11

Георги Жуков ихьӡ зху арра-акомандатә академиа аҳаирполк алахәылацәеи Сосналиеви.

5 / 11

Аԥуа ақырҭуа еибашьра ианалага ахԥатәи амш азы Сулҭан Сосналиев иабџьар кны Аԥсны ахьчараз дааит.

6 / 11

Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Сулҭан Сосналиев Аԥсны Арбџьармчқәа рштаб хада напхгара аиҭон.

7 / 11

1993 шықәса мшаԥымза инаркны 1996 шықәзсанӡа, анаҩс 2005 - 2007 шықәсқәа рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны Атәылахьчара аминистрс дыҟан.

8 / 11

Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵареи, аибашьраҟны иааирԥшыз ахаҵареи рзы Сулҭан Сосналиев ианашьан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара.

9 / 11

Сулҭан Сосналиев иџьабаа рацәоуп Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵареи аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчареи рыҟны.

10 / 11

Сулҭан Сосналиев иԥшәмаԥҳәыс Лиубов иахьа уажәраанӡагь аусмҩаԥгатәқәа еиҿылкаауеит ихьӡ акамыршәраз.

11 / 11

Сулҭан Сосналиев аҵыхәтәан Аԥсны дааны дыҟан аиааира 15 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз 2008 шықәсазы.