Аԥсны

Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны аԥҳәыс амашьына лысит

Амҩа машәыр ҟалеит ахәылбаҽха Хыԥсҭа иахьаҵанакуа, ааха зауз аԥҳәыс ахәшәтәырҭахь днагоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны аԥҳәыс амашьына лысит асабша мшаԥы 23 азы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ахҭыс зыблала избаз Алиса Канделаки.
Амҩа машәыр ҟалеит Хыԥсҭа иахьаҵанакуа асааҭ 18:45 рзы. Ааха зауз аԥҳәыс Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хадахьы днаган. Аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла аԥҳәыс лҭагылазаашьа бжьаратәуп, лгәчамахы хәахәоуп, лхы ҵысит.
"Лҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа ишьаӡам. Лшьақәыӷәӷәара ҭышәантәалан, аха агәыҿкааратә ааха лыман. Лхы лдыруа дыҟан, лхы ацәҟьасҭақәа амоуп, лхы ҵысит ҳҳәар алшоит", - иҳәеит иара.
Шамба иҳәеит, амашьына зысыз аԥҳәыс Аҟәаҟа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь дышдәықәырҵаз.