Аԥсны

Ихадоу авокзал: аихамҩатә аангыларҭа "Гагра"

1951 шықәса алагамҭазы Гагра аргылара иалагеит ахԥатәи аихамҩатә аангыларҭа, ԥыҭрак ашьҭахь уи авокзал хада акәхеит. Ахыбра ргылан архитектор Зоиа Поченцова-Орлинскаиа лпроект ала. Анкьа уамакала иԥшӡаз аргылара иахьа игәыгәҭажьуп, хәыҷы-хәыҷла аилаҳара иаҿуп.
Sputnik
1 / 12

Апассаџьырцәа ахьаднакылоз Гагратәи авокзал официалла иаартын 1951 шықәсазы.

2 / 12

"Гагра ҿыц" ахыбра ргылан архитектор Зоиа Поченцова-Орлинскаиа лпроект ала.

3 / 12

Авокзал аҩнуҵҟа уамакала иԥшӡан: алиустрақәа, авитражқәа, арԥшьшьақәа, аҭӡынҵақәа, аҭуаннҵақәа.

4 / 12

Апассаџьырцәа ахьԥшыз руадақәа аҳҭынрақәеи аханқәеи реиԥш еиҿкаан.

5 / 12

Ԥыҭрак ашьҭахь "Гагра ҿыц" ивокзал хадахеит.

6 / 12

Араҟа иаанҿасуан адәыӷбақәеи аелектричкақәеи.

7 / 12

Уахыки-ҽнаки рыла авокзал 1500-ҩык апассаџьырцәа роушьҭразы алшара аман.

8 / 12

Асоветтә аамҭазы араҟа аус руан 200-ҩык ауааԥсыра.

9 / 12

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь егьырҭ аихамҩатә аангыларҭақәа рлахьынҵа алахьынҵахеит гагратәи авокзалгьы. Иахьа игәыгәҭажьуп, аилаҳара иаҿуп.

10 / 12

Уажәазы авокзал аусура еилашуеит акурорттә аамҭазы, дәыӷбала арахь иаҭаауеит аԥсшьаҩцәа.

11 / 12

Авокзал еилаҳаны ишыҟоугьы, азалқәа еиқәханы иҟоуп. Иара убас еиқәханы иҟоуп арԥшьшьақәа, аҭӡынҵақәа, аҭуаннҵақәа, аха аԥенџьырқәеи авитражқәеи ԥҽуп.

12 / 12

Авокзал аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азутәуп.