Аԥсуа радио аефир ахь ицәырҵит 1932 шықәса мшаԥымза 30 рзы. Уи ашьақәгылара, аҿиарамҩа анылара рыхьӡ адҳәалоуп арадио аԥсуа редакциа раԥхьатәи аредактор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Москватәи ажурналистика аинститут аушьҭымҭа Мушьни Аҳашбеи ажурналист, адиктор Сандро Сангәлиеи.
Аԥсуа жәлар гәахәарыла ирыдыркылеит Аԥсны арадио ацәырҵра. Ақалақь агәҭа ихшьыз абжьырдугатә маругақәа рыбзоурала ажәлар ирылаҩуан ажәабжьқәа. Шьаҿа-шьаҿа аҿиарамҩа иахьа уажәраанӡа иануп Аԥсуа радио, 90 шықәса рыҩнуҵҟа имариамыз аамҭақәа иргәылсны иааит, уаҵәтәи аԥеиԥш лашагьы азыԥшуп ҳажәлар ирҿыхәҳәагоу Аԥсуа радио.