Аԥсны

Аҽыбӷа иаласоу: Кәтол имҩаԥысит аҽыхәмаррақәа

Кәтол имҩаԥысуаз аҽырыҩратә аамҭа аартра аҟынтәи Sputnik афотокорреспондент иаликааз афотоқәа.
Sputnik
Аҽырҩра апрограммаҿ иҟан ҽыла ампыласра, аҵәеигәыдҵара иара убас, 1400, 1800, 2000 метра аҽыҩқәа реиԥхныҩра.
Ҽыла аҵәеигәыдҵараҿы акомандақәа Кәтоли Уарчеи рыбжьара 12:10 ҳәа аиааира ргеит аԥшәмацәа. Ҩаԥхьа арҭ акомандақәа аԥхьахә агаразы еицлабуан ҽыла ампыл асраҿы, араҟа асасцәа Уарчаа аиааира ргеит.
2000, 1800, 1400 метра аҽыҩқәа реиԥхныҩлараҿы аԥхьахә ҭыԥқәа аныркылеит Џьон Табагәуа иҽыҩ "Наварро", Алан Табагәуа иҽы "Рыжик", иара убас "Гордый" Ҭемыр Ахба иҽы. Аҽырхәмаррақәа рҿы зҽалызкааз ахраҿақәеи, амедалқәеи арҽхәатә бӷьыцқәеи рырҭеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәнҭеилакы.
1 / 15

Лаҵарамзазтәи аԥсшьарамшқәа алагеит аҽтәы-спорт хәмаррақәа рыла.

2 / 15

Кәтол имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи раан иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыр азы аҽырҩрақәа.

3 / 15

Ахәыҷқәа рзын ари ныҳәа дууп.

4 / 15

Аҽырҩра апрограммаҿ иҟан 1400, 1800, 2000 метра аҽыҩқәа реиԥхныҩра.

5 / 15

Sputnik аҽазнашәеит ауаҩы ихаҿы иаанхашаз асахьақәа рҭыхра.

6 / 15

Иара убас аспортсменцәа ҽыла ампыласраҿ рҽазыршәеит рымчқәа аарԥшра.

7 / 15

Араҟа еиндаҭлоит Уарчеи Кәтоли ркомандақәа.

8 / 15

Кәтолаа ҽыла ампыласраҟны аиааира агара иагьа рҽазыршәазаргьы, Уарчаа аиааира ргеит 8:5 ҳәа.

9 / 15

Аҽыбӷаҟазацәа рыбжьара имҩаԥырго аицлабрақәа рыбжьара абыжәара ааннакылоит - ҽыла ампыласра.

10 / 15

Ахәаԥшцәа изларылшоз ала аҽыҩцәа ргәалаҟазаара шьҭыхуа, аиааира ргәы азҭарҵуан.

11 / 15

Ҽыла ампыласра адагьы араҟа иҟан жәытә аахас ҳажәлар иаарго ахәмарра - ҽыла аҵәеигәыдҵара.

12 / 15

Араҟа аиааираз иаҭахуп аласра, амч, аԥышәа.

13 / 15

Аԥсны итрадициоуп ааԥын аҵыхәтәантәи амзаз аҽырҩрақәа рымҩаԥгара.

14 / 15

Аҿар рыхәмаррақәа гәахәарыла ирыхәапшоит абыргцәагьы.

15 / 15

Аҽтәы спорт хәмаррақәа Аԥсны еснагь азҿлымҳара амоуп, ирацәаҩуп еиҵагыло аҿар аҽыбӷаҟазацәагьы.