1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа ирылагеит.
Аицлабрақәа рыпрограмма иалоуп аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа хыркәшахоит лаҵара 9 рзы. Аиааира згаз ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьоит.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 17 нызқь инареиҳаны аибашьра адәы изалымҵит. "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит Аԥсны атәылауаа 22-а.