Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр инанагӡеит аклассикатә музкатә рҿиамҭақәа, зегьы бзиа еицырбо Аиааира иазку ашәақәа "Катиуша", "Смуглианка", "Аиааира Амш" уҳәа ирацәаны, иара убас аԥсуа традициатә ашәақәагьы.
Аиҿкааҩцәа "Гәыма" аҿы ирылшеит аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵара, иахьабалак икнаҳа Георги ицахақәа, Аиааира абираҟқәа ргылан. Иара убас асовет аамҭазтәи амашьына ГАЗ 21 "Волга" цәырган. Уи ахәаԥшцәа аӡәырҩы адеизалеит.
Аконцерт еиҿыркааит акультура-усутә хәышҭаара "Гәыма", Аԥсны иҟоу аурыс џьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә хеилак Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адгыларала.