Аԥсны

Аҟәа х-уадак змаз ауаҭах блит

Аиқәырхаҩцәа иаразнак аҭыԥахь инеит, абылра иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Аҟәа Гәымсҭа аиланхарҭаҿы х-уадак змаз ауаҭах блит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Абылра шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьаҩцәа рахь адырра ҟалеит 9:12 азы, иаразнак аҭыԥахь инеит амҵарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Абылра иахҟьаны уадак блит, аԥшәмацәа аӡәгьы акагьы рмыхьӡеит.