Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба диит лаҵара14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Ихәыҷрашықәсқәа зегьы иқыҭа гәаҟьаҿы ихигеит. Иаб Григори Константин-иԥа Арӡынба шықәсы рацәала ашкол аҟны аҭоурых риҭон, ашкол аҵара аҟәша деиҳабын. Иан Надежда Шьабан-иԥҳа Иазычба ашкол аҟны усеилыргаҩыс дыҟан.
1966 шықәсазы Владислав Арӡынба Аҟәатәи апедагогикатә институт аҭоурыхтә факультет далганы дҭалоит Москва СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура. 1969-1988 шш. рзын Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы аус иуан. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Ҷыдала, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа аԥсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәуп ҳәа шьақәирӷәӷәон иара.
Зхы-зыԥсы зегьы аҭҵаарадырра иадызҳәалаз Владисав Арӡынба 1971 шықәсазы акандидаттә диссертациа ихьчоит, анаҩс 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа.
1988 шықәсазы Арӡынба Аԥсныҟа дхынҳәуеит, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс дарҭоит. 1989 шықәсазы Владислав Арӡынба СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, 1990 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба Аԥсны Арбџьармчқәа рхадараҿы дгылеит.
Абҵара 26, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас далырхуеит. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы аҳәынҭқарра ахадас деиҭалырхуеит.
Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа академик, ианашьан В.И. Вернадски ихьӡ зху апремиа, Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.
Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.