Кавказтщи аибашьра иалагеит 1817 шықәса рзы, ихыркәшахеит 47 шықәса рышьҭахь - лаҵара 21 1864 шықәса рзы.
Уи иахҟьаны зықьҩыла ачерқьес жәлар рхаҭарнакцәа - аԥсуаа, аублаа, абазақәа мчыла рыԥсадгьыл ааныжьны имцар ада амуа аҭагылазаашьа иақәдыршәеит. Аҭырқәа ӷбақәа ирықәыртәаны Османтәи аимпериахь идәықәыргалеит, уантәи - егьырҭ атәылақәа рахь.
Ари алахьеиқәҵаратә мшы аԥсуа диаспорақәа иргәаладыршәоит адунеи аҿы иахьыҟазаалакгьы. Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит, зегь реиҳа нхоит Ҭырқәтәыла.