Аԥсны аихамҩа аргылара аҭоурых ахы акуеит Урыстәылатәи аимпериа Амшын еиқәа аҿықәантәи аихамҩа аԥҵара ианалага инаркны. 1860-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Тҟәаԥс инаркны Аҟәанӡа Кавказ иаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амагистралтә еихамҩа аргыларазы ажәалагала ҟаҵан. Уи иабзоураны Кавказ аахыҵ иҟаз агуберниақәеи Урыстәылатәи аимпериа агәҭантәи арегионқәеи еимадахон.
Аихамҩа аргылара иалагеит 1903 шықәсазы. Аха аурыс-иапониатә еибашьра ианалага Урыстәылатәи аимпериа аҩнуҵҟа иҟаз аҭагылазаашьа иахҟьаны аргыларақәа аанкылан.
1914 шықәсазы аргыларақәа ирыцҵан, аха 1917 шықәсазы ареволиуциа иахҟьаны аргыларақәа еиҭах иаанкылан.
Аԥсуа аихамҩа ргылан Асовет аамҭазы. Раԥхьатәи адәыӷба Аԥсныҟа иааит 1931 шықәсазы.
Гәдоуҭатәи аихамҩатә аангыларҭа ахыбра ахархәарахь ирыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз, 1944 шықәсазы. Ахыбра ргылоуп "сталинтәи ампир" астиль ала, авокзал ҩычоуп агәашьақәеи, ахыргьагьақәеи, авитражқәеи рыла.
30 шықәса раахыс Гәдоуҭатәи авокзал гәыгәҭыжьхеит. Ахыб ақәа кылсуеит, аҭыӡқәа ԥхасҭахоит. Иахьатәи аамҭазы авокзал ахәҭак ауп аус зуа.