Аԥсны

Атәыла ахада, ашәарыцаҩ, аҭаацәа реиҳабы: Сергеи Багаԥшь игәалашәараз

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
Sputnik
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт. 1972 шықәсазы далгоит "агроном" изанааҭ иманы.
Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩа хациркит СССР аамҭақәа рзы, 1979-1980 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акомсомол Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, анаҩс Очамчыратәи апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс. Асовет Еидгыла анеилаҳа Сергеи Багаԥшь Очамчыра араион адепутатцәа жәлар рхеилак ахантәаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.
2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.
Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
1 / 15

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа.

2 / 15

1972 шықәсазы Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт далгоит "агроном" изанааҭ иманы.

3 / 15

Сергеи Багаԥшь Аԥсны Апарламент раԥхьатәи ааԥхьара рыгәҭа. Ари аамҭақәа рзы иара Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

4 / 15

Сергеи Багаԥшьа ахәыҷы иниаркны аду иҟынӡа арацәажәашьа дақәшәон. Убри азын ауаҩы лаша, ауаҩ гәыҭбаа ҳәа ишьҭан.

5 / 15

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иҭоубашьҭаҵара.

6 / 15

Атәыла ахада Сергеи Багаԥшь диԥылоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

7 / 15

Аԥсны анапхгара Владислав Арӡынба игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә аҟны.

8 / 15

Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоиты Кремль аҩызареи, аусецуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.

9 / 15

Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшьи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоитыи Урыстәыла Аҳәынҭдума аилатәараҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵара азҵаара алацәажәараан.

10 / 15

Сергеи Багаԥшь ашколхәыҷқәа инапынҵамҭа риҭоит.

11 / 15

2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара.

12 / 15

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи.

13 / 15

Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь Амшынеиқәатә флот аракетатә креисер "Москва" Аҟәа абаӷәаза аҟны.

14 / 15

Сергеи Багаԥшь даара бзиа ибон ашәарыцара.

15 / 15

Сергеи Багаԥшь иҭаацәара ду рыгәҭа.