Пушкин инырра аԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа рҿы, уи имариоу ибызшәа аҷыдаркәа ртәы, насгьы аурыс бызшәа иахьа адунеи аҿы ишаарԥшу, атәы еиҭеиҳәеит арадиоефир аҿы Мушьни Лашәриа.
"Пушкин ицәырҵра аурысцәа рзы, еиҭаҳәашьа змам хҭысны иҟалеит, иаргачамкит ихаантәи ачынуаа, ауаажәлар. Аурыс поезиа уаанӡагьы иҿион, иҟан зыхьӡи зыжәлеи дыру апоетцәа, аха Пушкин иаҳа далыркааит, изхьаԥшит. Уаанӡа аурыс поетцәа ражәа ацәаҳәа иаҳа ихьанҭан, иаҳа аԥхьара мчын, агәынкылара мчын. Пушкин ихаҿсахьақәа, ицәаҳәа, аурысцәа ргәаҵанӡа инеит", - ҳәа азгәеиҭеит Лашәриа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.