Аԥсны

"Ҳауа идагәада?": аԥсуа театр аԥхьарбара

Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа "Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит рашәара 29, 30 рзы.
Sputnik
"Ҳауа идагәада?" арежиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа. Лара ари аспектакль уажәаԥхьагьы иқәлыргылахьан. Уажәтәи аспектакль апиеса даҽа блала еиқәыршәоуп, ихәмаруа актиортә еилазаара рҿыцуп. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан мызкы иназыныԥшуа.
Шоҭа Ҷкадуа дравторуп ашәҟәқәа: "Асатиратә пиесақәа" (1958), "Ашкәакәеи аиқәаҵәеи" (1961), "Асатиреи аиумори" (1964), "Ашьхыц" (1965), "Ауаҩи иҭыԥи" (1972).
Иара инапы иҵыҵит апиесақәа, аводевильқәа, аповестқәа, ажәабжьқәа, афельетонқәа – ауаа рыхшыҩ аҿы инханы иҟоу ажәытәрақәа аҿаԥызҽуа. Аповестқәа "Аԥҳәыс лас" (1960), "Аччара баҩ алоума?!" (1961) уҳәа реиԥш Шоҭа Ҷкадуа иҩхьан асатиратә комедиақәа "Ҳауа идагәада?" (1964) "Жьулиеи Мажьулиеи". Шоҭа Ҷкадуа ипиесақәа изныкымкәа Аԥсуа театр асценаҿ иқәдыргылахьеит.
1 / 13

"Ҳауа идагәада" Аԥсуа драматә театр аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит рашәара 29, 30 рзы.

2 / 13

Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭала акомедиа ықәыргылоуп.

3 / 13

Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа.

4 / 13

Лара ари аспектакль 15 шықәса раԥхьа иқәлыргылахьан.

5 / 13

Уажәтәи аспектакль апиеса даҽа блала еиқәыршәоуп

6 / 13

Бида иԥшәмаԥҳәыс лроль налыгӡеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

7 / 13

Лара раԥхьаӡа асценахь дцәырҵит акыршықәса рышьҭахь.

8 / 13

Аспектакль уархәыцуеит, араҟа иуԥылоит аԥсҭазаараҿ аҭыԥ змоу аҟазшьақәа – амҵақьақьара, ҩ-цәак ахарԥара.

9 / 13

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан мызкы иназыныԥшуа.

10 / 13

"Ҳауа идагәада" аспектакль иалахәуп жәа-ҩык актиорцәа.

11 / 13

Елеонора Коӷониаԥҳаи Аԥсуа театр актиор Даур Арухааи аспектакль аҟны хаҵеи ԥҳәыси рроль нарыгӡоит.

12 / 13

Идагәоу аҭакәажә лроль налыгӡоит Тома Аҩӡба, лара ллымҳа иҭаҟаауеит. Аспектакль анҵәамҭазы "Хауа идагәада" ҳәа дҵаауеит.

13 / 13

Шьоҭа Ҷкадуа ипиесақәа рыла ари атеатр асценаҿы иқәдыргылахьеит аспектакльқәа: "Ҩыџьа апрофессорцәа", "Ауаҩ ага...", "Аԥсра аиҭаԥсра", "Амардуан", "Алоу дгәаауеит", "Акьан­џьа".