Акультура-усутә аангыларҭа: "Гәыма" иаци иахьеи

Sputnik афотолентаҟны аҟәатәи аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" - араҟа "аԥсы ҭоуп" асоветтә аамҭа иатәу архитектура.
Sputnik
Сталинтәи ампир астиль змоу аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" ргылан 1940 шықәсазы, ахышә - 1947 шықәсазы. Аханатә аангыларҭа иахьӡын "Аботаникатә баҳча", асоветтә аамҭазы ахьӡ ԥсахын "Бараташвили" ҳәа, уи ашьҭахь - "Баратов". 90-тәи ашықәсқәа рзоуп "Гәыма" анахьыӡха.
Асоветтә аамҭазы ара иаанҿасуан имҩасуаз адәыӷбақәа Аҟәа-Очамчыра, Аҟәа-Тҟәарчал, Аҟәа-Жәыргьыҭ.
Аангыларҭа "Гәыма" Аԥсны иҟоу аихамҩатә аанҿасырҭақәа реиҳарак рлахьынҵа алахьынҵахеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аангыларҭа аиҳарак еилаԥыххаан, аибашьра ашьҭақәа акыраамҭа аҭыӡқәа ирнын, иахьа уажәраанӡа ара адәыӷбақәа аангылаӡом.
2019 шықәсазы "Аԥснытәи аихамҩа" аангыларҭа ахатәхаҿқәа қьырала ирырҭеит. Иахьа ари аҭыԥ аҟны аԥсҭазаара еилашуеит, аҳҭнықалақьуаа аӡәырҩы бзиа ирбо ҭыԥуп. Араҟа имҩаԥыргоит ацәыргақәҵақәа, амастер-классқәа, ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа, акино ддырбоит, алекциақәа ирыԥхьоит.
1 / 12

Аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" - Аҟәатәи аҭыԥ ԥшӡарақәа ируакуп.

2 / 12

"Гәыма" ргылан 1940 шықәсазы, ахышә - 1947 шықәсазы.

3 / 12

Ахыбра сталинтәи ампир астиль ала иргылоуп.

4 / 12

Аханатә аангыларҭа иахьӡын "Аботаникатә баҳча", асоветтә аамҭазы ахьӡ ԥсахын "Бараташвили" ҳәа, уи ашьҭахь - "Баратов".

5 / 12

90-тәи ашықәсқәа рзоуп "Гәыма" анахьыӡха.

6 / 12

Ахыбра иамоу астиль аелементқәа ана-ара улаԥш иҵашәоит.

7 / 12

Ҩ-ганк рыла еиҿаԥсоу амардуан афотоҟны даара иԥшӡоуп, уи аҭыхразы ара лассы-лассы аҿар еизалоит.

8 / 12

Иахьа уажәраанӡа арԥшьшьақәа еиқәханы иҟоуп.

9 / 12

Асоветтә аамҭазы ара иаанҿасуан имҩасуаз адәыӷбақәа Аҟәа-Очамчыра, Аҟәа-Тҟәарчал, Аҟәа-Жәыргьыҭ.

10 / 12

Аангыларҭа "Гәыма" Аԥсны иҟоу аихамҩатә аанҿасырҭақәа реиҳарак рлахьынҵа алахьынҵахеит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аангыларҭа аиҳарак еилаԥыххаан.

11 / 12

Аибашьра ашьҭақәа акыраамҭа аҭыӡқәа ирнын, иахьа уажәраанӡа ара адәыӷбақәа аангылаӡом.

12 / 12

2019 шықәсазы "Аԥснытәи аихамҩа" аангыларҭа ахатә хаҿқәа қьырала ирырҭеит. Иахьа ари аҭыԥ аҟны аԥсҭазаара еилашуеит.