Аԥсны

Аибашьра алҵшәа зыӡбаз: 1993 шықәсазы Ииультәи аоперациа

Ииультәи ажәыларатә операциа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз акәхеит. Акымкәа иманшәаламхаз аоперациақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз адгьылқәа рхақәиҭтәразы.
Sputnik
Ажәылара иалахәын аҩфронткгьы - Гәымсҭатәии Мрагыларатәии.
Ажәылара иалагеит ԥхынгәы 2 рзы Тамшь адесант аӡхыҵрала, уи Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцны ақырҭуа архәҭақәа Аҟәаҟа раашьҭра ааныркылар акәын. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала.
Аибашьра аветеран Марина Барцыцԥҳа 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан санинструкторс дахьыҟаз адагьы, алшара аныҟаз, афотохроникагьы еизылгон.
Ииультәи ажәылараан лара 2-тәи абригада 3-тәи абаталион даланы Гәымсҭа аӡиас дырит. Марина Барцыцԥҳа иҭылхит ажәыларатә гәыԥқәа рҽанеидыркылоз, Гәымсҭа ианыруаз, ахәцәа шалыргоз уҳәа зныз афотосахьақәа.
1 / 12

Ииультәи ажәылара иалахәыз абригадақәа еиҿкаан 1993 шықәса рашәарамза азбжазы Гәдоуҭа араион Золотои берег ҳәа иахьашьҭоу Мгәыӡырхәа ақыҭа аҳаблаҿы.

2 / 12

Ажәылара ахаҭа ԥхынгәы 2 рзы иазгәаҭаны ирыман. Ари афото аҿы дыжәбоит 2-тәи абригада адҵаҟаҵаҩ Геннади Ҷанба, анаҩс иара дҭахоит.

3 / 12

Гәымсҭатәи афронт аҿы ажәылара иалагеит ԥхынгәы 2 рзы уахынланы. Раԥхьа Аладатәи Ешыра актәи абригада ахԥатәи абаталион жәылеит. Дара аԥшыхәратә рота рыцхыраарала ирылшеит Гәымсҭа ирны рхахьы аӷа ихьарԥшра, егьырҭ абаталионқәа Аҩада Ешыра ижәылонаҵы. Аԥсыҭбарақәа шыҟазгьы, аӡнырцә ахырӷәӷәарҭақәа аанкылан ирыман 17 сааҭ (азеиԥш напхгара аиҭон Смыр Витали). Ихадоу ажәылара ҳәа иԥхьаӡан Гәымсҭатәи афронт арымаратәи афланг - уа Ахалшени-Камантәии Аҳабҩықә-Абыӡахә (Цугуровка) ахырхарҭақәа рыла аӷа ааха ирҭар акәын.

4 / 12

Ԥхынгәы 4 уахынланы 2-тәи абригада абаталионқәа ԥшьба аӡиас ахь алыбаара иалагеит. Асааҭ 9 рзеиԥш Гәымсҭа ирны егьи аҟәараҿы рҽеидкыланы Абыӡахәҟа (Цугуровкаҟа) еицхало иалагеит.

5 / 12

Асааҭ 14 рзеиԥш аԥсуа еибашьцәа ашьха ианхала, Абыӡахә ашьапаҟны иаартыз адәаҟны аӷа аминақәа шьҭаҵаны, ахырӷәӷәарҭақәа ҟаҵаны дыԥшын. Зҿыназхоз зегьы амина иахаԥжәо иалагеит.

6 / 12

Зқьи бжаки рҟынӡа иҟаз ар гыларҭа ҭыԥ рымамкәа аҭшәараҿ еилахеит. Уи збаз ақырҭцәа рылахысуа иалагеит адзотқәа рҟынтәи. Аԥсуа баталионқәа досу рыдҵақәа рзынамыгӡо, ихәыз, зшьапқәа хжәаны илыбаагатәхаз рацәахеит. Убас Абыӡахәынтәи ихынҳәны алыбаара иалагеит. Убри аамҭазы Аҳабҩықә ахь 4-тәи абаталион ахалара иаҿын.

7 / 12

Аоперациа хыбгало иалагеит. Абас ар анеилаха, аштаб хадаҟынтәи афронт аԥхьа игыларц арахь идәықәлеит аштаб хада аиҳабы Сергеи Дбари Валера Ҭарбеи. Убасгьы, ииуль мза 5 Абыӡахәи (Цугуровка) Аҳабҩықәи рыбжьара арахь даауеит ар рштаб хада аԥшыхәра знапы ианыз Едуард Ажьиба, уи асааҭ 12 рзы амина иҵаԥжәаны дҭахоит, ивагылаз 2-тәи абригада аштаб аиҳабы Аполлон Шьынқәба ахәра ӷәӷәа иоуеит.

8 / 12

Убасгьы ацхыраараз арахь идәықәҵан азыҟаҵара ҷыда змаз аибашьратә гәыԥ.

9 / 12

Абрысҟак ззыҟаҵара иаҿыз, агәыӷрақәа зцыз ажәылара хыбгалоит, ихьаҵыз ҟалеит ҳәа аниарҳәа, Владислав Арӡынба уаҩы дизнымкылакәа Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәахьы ддәықәлеит. Амҩан дызҭатәаз амашьына ҳаӷацәа аххысаауан. Дахьнеиз, ихьаҵуаз дырԥыланы хаала-мчыла иааникылаз, ирԥхашьаны, ма рыгәшәа ҳәаны ирхынҳәыз аибашьцәа маҷӡамызт. Владислав напхгара зиҭоз Арбџьармчқәа реиҳабыра ажәылара хымԥада иацҵатәуп ҳәа ирыԥхьаӡеит Аҳбҩықә-Абыӡахә ахырхарҭаҟны. Убас Каманҟа идәықәлоит Афон-Ешыратәи абаталион, уи аибашьра ӷәӷәа аарԥшны ақыҭа ахы иақәиҭыртәит, убас ала ажәыларатә операциа алахьынҵа рыӡбеит.

10 / 12

Ԥхынгәы 7-8 руха 2-тәи абригада ахԥатәи абаталион ахала даҽазнык Гәымсҭа ирны Абыӡахә ихалеит. Ашьыжь асааҭ 4:30 рзы аӷа ижәлеит. Уи аибашьра цон аҽнынтәарак. Ақәа кыдҵәан илеиуан, ахырӷәӷәарҭақәа маҟҿаҳәара иӡаагылаз аибашьцәа ишеибашьуаз еибашьуан. Аӷагьы дааҟәымҵӡакәа ахысра даҿын. Хара имгакәа абаталион иацхраарц инеит аахыҵ-уаԥстәылатәи ахатәгәаԥхаҩцәа ргәыԥ.

11 / 12

Абарҭ ахырхарҭа рацәа рҟны, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа еибашьуаз рыбзоурала аӷа ажәылара хадаҵәҟа ахьыҟаз изеилымкаауа, имчқәа еиҟәшаны, рыуа иахьажәлатәу изымдыруа дыбжьахеит. Афото аҿы дыжәбоит ихәыз абаталион аштаб аиҳабы Славик Саӷариа.

12 / 12

Марина Барцыц дызлаз ахԥатәи абаталион иацәыӡит 17-ҩык аибашьцәа: 12-ҩык аибашьра адәаҟны иҭахеит, ԥшьҩык Гәымсҭа ианыруаз аӡы иагеит, аӡәы иоуз ахәрақәа изхымгакәа ахәшәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит. Ажәылара ашьҭахь ихынҳәуаз аахыҵ-уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҷкәынакгьы аӡы дагеит. Ихәыз 70-ҩык ыҟан, урҭ рахьтә ӷәӷәала ихәын 41-ы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ҩаԥхьа аибашьрахь ихынҳәит рыхәрақәа мӷьацкәагьы, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәра иалахәын. Зынӡа Гәымсҭатәии Мрагыларатәии афронтқәа рҿы Ииультәи ажәылараан иҭахеит 400-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Аха, иагьа ус иҟазаргьы, ари ажәылара ҳаԥхьа ишьҭаз Аиааира иахыҵхырҭахеит.