Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Ҟарачы-Черқьесиантәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз ҳашьцәа ашьхарыуаа аӡәырҩы атәым дгьыл иалаӡҩа ицеит. Аха иҟоуп гәыԥ-гәыԥла зҽеидызкылазгьы. Уи иабзоураны иахьа уажәраанӡагьы рхаҭара мыӡкәа, уимоу, ркультура еихаҳаны иааргоит ҳџьынџьуаа. Ари анҵамҭаҟны ишәзеиҭасҳәоит Чорум ақалақь азааигәара, амҳаџьырра иалҵшәаны Ҭырқәтәылаҟа иқәнагалаз аишьцәа-аижәлантәқәа Бзагәаа ишьақәдыргылаз, анаҩс Бзагәақыҭ ҳәа ахьӡ зхылаз анхарҭа ҭыԥ аӡбахә.
Заҷаҟәаа рҭаацәа. Чорум, Бзагәақыҭ
© Foto / предоставила Саида Жиба
Амҳаџьырра ҟалаанӡагьы Бзагәаа нхон Ҟарачы-Черқьесиа Бзагәақыҭ ҳәа рыхьӡ зхыз анхарҭаҭыԥ аҟны. Атәым дгьыл ахь ианықәнагалагьы, "ҳмыӡып" ҳәа џьарак рҽеидыркылеит. Адгьыл иқәаарыхны, хәыҷы-хәыҷы арахә-ашәахә нҵаны рхы рбо иалагеит. Анаҩс Бзагәақыҭ ахь еихеит егьырҭ ажәлақәагьы.
Аҭыԥантәи анхаҩы, Чоруми Бзагәақыҭи аныҟәарақәа сзеиҿызкааз Ильҳан Хьециа иажәақәа рыла, араҟа еиланхо иреиуоуп, хыхь ишысҳәаз еиԥш, Бзагәаа, анаҩс Дибаԥраа, Хьециаа, Заҷаҟәаа, Ажьиаа, Арӡынаа, Ахаа, Ҳалбадаа, Аҩӡаа, Ҳәышьҭраа уҳәа. Атәым милаҭ макьаназы иҟаӡам.
Ақыҭа акаршәраҿы ишьҭоуп. Адгьыл чашәуп. Ус шакәу дырҵабыргуеит зехьынџьара еишәхашьшьы изызҳауа ашәырҵлақәеи ауҭраҭыхи. Амала ӡынгьы-ԥхынгьы араҟа инхо аҭаацәарақәа маҷуп. Ахьшәашәарақәа раан Чорум ақалақь ирымоу ауаҭахқәа рахь ицоит. Ари ақыҭа аиҳабыс иахагылоу Шьааҳин Бзагәа даара игәы иаахәеит Аԥснынтәи сахьрызнеиз. Иареи сареи абызшәатә ԥынгылақәа ирхырҟьаны ҳзымеицәажәазаргьы, Ильҳан Хьециа ила издырит уи ус шакәыз.
"Бзагәақыҭ 30 аԥсуа-абаза ҭаацәарақәа рыла ишьақәгылоуп. Аигәылацәа зегьы бзиа ҳаибабоит, ҳаиҭанеиааиуеит. Аиҳарак аԥхынра аџьџьаҳәа ҳаилатәоуп", - инаҵишьит Ильҳан.
Ажьиаа. Чорум, Бзагәақыҭ
© Foto / предоставила Саида Жиба
Бзагәақыҭ иалҵыз рахьтә ирацәаҩӡоуп аҵара дуқәа змоу. Ильҳан Хьециа ихаҭагьы аколлеџь аҟны акыр шықәса апсихологиеи, асоциологиеи, афилософиеи амаҭәарқәа мҩаԥигон.
Сҩызцәеи сареи Бзагәақыҭ ҳаҟанаҵы Ильҳан ҳамҩахигеит занааҭла ирҵаҩцәаз Заҷаҟәаа рҭаацәарахьы. Ари агәараҭаҟны аԥшәма Шьерафеҭҭини сареи ҳаилибакааратәы ҳаицәажәеит. Излаздырыз ала, иара Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа аҵараиурҭақәа ирҭаларц инеиуа аҿар иааԥсара рыдуп. Иашьеиҳабы Исмаил иакәзар, дыпрокурорын. Бзагәақыҭ далҵит, уимоу иабдуцәа ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәкуп уажәшьҭа Аԥсны еицырдыруа иҟалаз ҳџьынџьуаҩ, абоксиор Енвер Бзагәа.
Ақыҭатәи аныҟәарақәа ирылагӡаны, Ильҳан Хьециа ҳрабаирдырит иашьцәа иреиуоу Омар Хьециеи убас игәылацәа аиҳәшьцәа Ажьиԥҳацәеи. Еицқәаз Чорумҟа ҳгьежьыр акәын аҟнытә, рацәак дареи ҳареи ҳзеидымтәалаӡеит, аха ари икьаҿыз аибабара аԥхарра ду ахылҿиааит.
Ажьиаа. Чорум, Бзагәақыҭ
© Foto / предоставила Саида Жиба
Ильҳан Хьециа ибзоурала, ҳара иҳаман алшара Владислав Арӡынба иҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы аматериалқәа ахьеидикылоз амузеиқәа рҭаара. Даара сгәы иҭымҵуа акәхеит Хаттуса ҳәа изышьҭоу Хетаа римпериа аҳҭнықалақь абара.
Чорум. Хаттуса.
© Foto / предоставила Саида Жиба
Ильҳан Хьециа изныкымкәа Аԥсныҟа даахьеит. Иара иааԥсара рыдуп Чорум усутә визитла иаҭаауа Аԥснытәи аделегациақәа. Ильҳан дҭаацәароуп, иԥшәмаԥҳәыс ашәыуаа ирхылҵшьҭроу Саиме Балԥҳаи иареи драаӡоит Сыла захьӡу аԥҳа.
Чорум анаанҳажьуаз, Ильҳан Хьециа "амҳаџьырра иахнагаз алаабгәалашәап" ҳәа ҳамҭас исиҭеит, иара ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәылати адипломат Америка машәыршәа иибаз амҳаџьырқәа рфотосахьа.
Чорум амузеи аҟны
© Foto / предоставила Саида Жиба