Аԥсны

Еиҳа зылшо: Баӷмаран Аԥсны аруаа реицлабрақәа шымҩаԥысыз

Аспорттә еицлабрақәа "Аԥсны Амчратә усбарҭақәа рассоциациа реиԥхныҩларақәа" раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭан аԥшьаша, ԥхынгәы 21 рзы.
Sputnik
Аицлабрақәа ирылахәын Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу ф-командак. Командацыԥхьаӡа жәаба-жәаба солдаҭ алахәын. Командала еиԥхныҩлон. Алахәылацәа жәа-километрак иҩуан. Аруаа ирықәнагаз маҭәаҩыҭәала, џьаԥҳаныла еибыҭан.
1 / 10

Аицлабра алахәылацәа аҭыԥ ахь инеит атехника ҷыда иақәтәаны.

2 / 10

Аруаа хә-километрак иҟаз амҩа ианысыр акәын.

3 / 10

Аиԥхныҩлара иалагаанӡа уи аиҿкааҩцәа аԥҟарақәа ддырдырит.

4 / 10

Зынӡа аицлабрақәа ирылахәын ф-командак.

5 / 10

Урҭ Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәуп.

6 / 10

Аруаа ирықәнагаз маҭәаҩыҭәала, џьаԥҳаныла еибыҭан.

7 / 10

Актәи аҭыԥ ааныркылеит Атәылахьчара аминистрра иатәу Азеиԥшарратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа.

8 / 10

Аҩбатәи аҭыԥ - Атәылахьчара аминистрра иатәу Аштаб Хада акомандаԥшыхәратә центр.

9 / 10

Ахԥатәи аҭыԥ - Атәылахьчара аминистрра иатәу Аштаб Хада акоменданттә рота.

10 / 10

Аиааира згаз акоманда Атәылахьчара аминистр Ихраҿа ранаршьеит.