Ишәарҭоу аусура: аибашьра Андреи Стенин иблала

Андери Стенин ажурналистикахь раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигеит репортиорк иаҳасабала.
Sputnik
Андреи Стенин, афотокорреспондент, диит ԥхынҷкәын 22, 1980 шықәса рзы Печора.
2003 шықәса рзы корреспондентс аус иуан "Российская газета" аҿы аус иуан аҭыжьымҭа "Газета.Ru" аҟны. 2008 шықәса рзы Андреи Стенин аштатнҭыҵтә фотоҭыхҩык иҳасаб ала ИТАР-ТАСС, РИА Новости, "Коммерсант", Reuters, Associated Press, France Press аус рыциуан. 2009 шықәса рзы Андреи Стенин РИА Новости афотокорреспондентс дҟалоит, 2014ш. рзы – МИА "Россия сегодня" акорреспондент ҷыдас. 2014 шықәса рзы аредакциатә дҵа иманы дыҟан Украина.
МИА "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин дҭахеит Украина, 2014 шықәса нанҳәа 6 рзы Донецктәи Жәлар рреспубликаҟны. 2010 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Украина, Сириа, Ливан, Египет, Ҭырқәтәыла, Ливиа, Кыргызсҭан уҳәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Андреи Стенин афотоҭыхымҭақәа ҟаиҵон.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала ипрофессионалтә уалԥшьа анагӡараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы ианашьоуп Агәымшәараз амедал.
1 / 15

МИА "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин диит ԥхынҷкәын 22, 1980 шықәса рзы Печора.

2 / 15

Афото аҟны: Киев Грушевскаиа амҩа.

3 / 15

Стенин 2014 шықәса рзы аредакциатә дҵа иманы Украина дыҟан.

4 / 15

Ажурналист аус иуан Киев, Донецк, Луганск, Мариуполь, Шахтиорск, Слаианск.

5 / 15

Нанҳәа 5 2014 шықәсазы Стенин ихабар бжьаӡит, мызкы инацны иԥсы ҭоу иҭаму аӡәгьы издыруамызт.

6 / 15

Афото аҟны: Украина ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа аҿагыларатә акциа.

7 / 15

Украина, Сириа, Ливан, Египет, Ҭырқәтәыла, Ливиа, Кыргызсҭан уҳәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Андреи Стенин афотоҭыхымҭақәа ҟаиҵон.

8 / 15

Афото аҟны: оппозициа рхаҭарнакцәа Киев имҩаԥыргоз акциа ашьҭахь аҭагылазаашьа.

9 / 15

Киев, Грушевск амҩа аҟны имҩаԥысуаз акциа алахәыла.

10 / 15

Стенин ида усҟан иҭахеит Актәи аканал аператор Анатоли Клиан, ВГТРК абжьыоператор Антон Волошин, акорреспондент Игорь Корнелиук.

11 / 15

Андреи Стенин дҭахеит 2014 шықәсазы Донецк амҵан инапынҵақәа рынагӡараан.

12 / 15

2014 шықәсазы Украина мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟаиҵаз аҭыхымҭа жәларбжьаратәи аиндаҭлара Picture ofthe Year International (POYi) иалауреатхахьан.

13 / 15

Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала ипрофессионалтә уалԥшьа анагӡараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы ианашьоуп Агәымшәараз амедал.

14 / 15

Иусумҭақәа ҩынтә рыхә ҳаракны иршьахьан аиндаҭлара "Серебряная камера" аҟны.

15 / 15

Нанҳәа 6 рзы афотокорреспондент игәаларшәаразы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа еиҿыркаауеит.