Цхинвал ақырҭцәа шақәлаз: Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра зну архивтә фотосахьақәа

Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла еибашьрала иақәлеит 2008 шықәса нанҳәа 8 рзы, аха уи ампыҵахаларазы иамаз апланқәа рынагӡара алдмыршеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи.
Sputnik
Нанҳәа 8 ауха Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра Аштаб еизга иаҵанакуа аҭынчреиҿкааратә операциақәа рыдҵаҟаҵаҩ Мамука Курашвили ателееилахәыра "Рустави-2" аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит ақырҭуа ган аӡбамҭа шаднакылаз "аиҿагылара азонаҿы аконституциатә зинеиҿкаара аиҭашьақәыргыларазы".
Ақырҭуа авиациа ашьыжь шаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла иалахысуа иалагеит. Уи иахҟьаны Цхинвал иҟоу аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа рыштаб аҵакыраҿы игылаз аргыларақәа жәпакы еилаԥыххаан. Иблын Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахыбра, еилаԥыххаан аиҳабыратә хыбрақәа, иблын аиланхарҭақәеи егьырҭ ақалақь аргыларақәеи.
Цхинвал аганахь еицрыхәхәа идәықәлеит ақырҭуа танкқәеи ашьаҟауааи.
Амш агәаны ақырҭуа ар, аахыҵуаԥстәылатәи архәҭақәа аҿагылара шаадырԥшуазгьы, Цхинвал ахәҭаки аа-қыҭаки рнапахьы аагара рылшеит.
Нанҳәа 7 амш аҩбатәи ахәҭазы Цхинвали акәша-мыкәшеи артиллериала иаехсуан ақырҭуа қыҭақәа Никозии Ергнетии рганахьала.
Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь ахәаша ауха Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара рццак мҩаԥигеит. Аԥсны аӡбра аднакылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ацхыраара аҭаразы зықьҩык рҟынӡа ауаа рдәықәҵараз. Аахыҵ Уаԥстәыла иҟаз Урыстәыла атәылауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иахьҭагылаз инамаданы, ахыхьчара азин амазаара инақәыршәаны нанҳәа 8 амш аҩбатәи ахәҭазы Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа амчрацҵақәа нанашьҭит уа игылаз аҭынчреиҿкааҩцәеи аҭынч уааԥсыреи рыхьчараз.
Нанҳәа 9 аҽны аимак азонахь иалагалан 58-тәи ар рырҟәшақәеи аҳауа-десанттә ар рырхәҭақәеи. Урыстәылатәи ар аибашьра рҽаладырхәит Зартәи ахырхарҭаҿ, аҩадантә Цхинвалҟа инеиуаз амҩа аҭарцәразы. Урыстәыла Арра-мшынтә флот аӷбақәа Аԥсны аҵакыраԥшаҳәаҿы аҷаԥшьара иалагеит. Абри азы ақырҭуа ган анота азынашьҭын. Аԥсны Кәыдрытәи аиҩхааҿы арратә операциа иалагеит.
Нанҳәа 12 рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Қырҭтәыла аҭынчра мчыла азаагаразы аоперациа шхыркәшоу рылеиҳәеит. Урыстәылеи Франциеи аимак аҭышәныртәалараз ф-принципк еицрықәшаҳаҭхеит (Медведеви — Саркозии рыплан).
1 / 18

Қырҭтәыла ирыланаҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра ишалаго, убас нанҳәа 8 ауха Цхинвал иалахысуа иалагеит ақырҭуа қыҭақәа рҟынтәи.

2 / 18

Еилаԥыххаан шәкыла ахыбрақәа.

3 / 18

Рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит Аахыҵ Уаԥстәыла аҵеицәа.

4 / 18

Ақырҭуа архәҭақәа Цхинвал алалара рылшеит, аха уа дара аҿагылара роуит.

5 / 18

Ақырҭцәа рхымцаҟынтәи аахақәа роуит аруаа реиԥш, аҭынч уааԥсырагьы.

6 / 18

Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаҩцәа аҿагылара шаадырԥшуазгьы, аӷа Цхинвал ахәҭаки аа-қыҭаки инапахьы аагара илшеит.

7 / 18

Иԥымжәаз аснариад Цхинвал ахыбрақәа руак аҭӡы иалахеит.

8 / 18

Қырҭтәыла уажәадагьы Аахыҵ Уаԥстәыла еибашьрала иақәлахьан.

9 / 18

Аҭынч уааԥсыра аӡәырҩы Цхинвал иалыргеит, аха аҳҭнықалақь иалахан иаанхазгьы маҷҩымызт.

10 / 18

Қырҭтәыла артиллериатә бџьарла Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь иахьалахысуаз иахҟьаны уи аԥхасҭа ду аиуит.

11 / 18

Шәҩыла ауааԥсрыа хыҵакырҭада инхеит.

12 / 18

Цхинвал шьаҭанкыла иқәхын ахатәы ҩнқәа 500 раҟара, 3000 аахақәа роуит, ирблит асоциалтә обиектқәа рацәаны.

13 / 18

Зықьҩыла рыҩнқәа ирхыҵны ахҵәара рықәшәеит.

14 / 18

Аҭынч уааԥсыра аҩнқәа рыҵаҟа аснариадқәа рмаахарц аҽыҵәахра рықәшәеит.

15 / 18

Цхинвал аибашьра шьаарҵәыран.

16 / 18

Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь аҿы дәынтәи агоспиталь аартын аибашьра ашьҭахь.

17 / 18

Ари аибашьра даҽазныкгьы имӷьаӡо хәраны Аахыҵ Кавказ аҭоурых ианхалеит.

18 / 18

Усҟантәи Қырҭтәыла ахада Михаил Саакашвили имҩаԥигаз арҭ ашьаҿақәа Гитлер дызхагылаз афашисттә Германиа аполитика иеиԥшныршьалон.