Амреи амшыни: Аԥсны аԥсшьара иасакьаҳәымҭоуп

Атуристцәа бзиа еицырбо амшын, аҭыԥ ԥшӡарақәа, аԥсшьаҩцәа - абарҭ зегьы Sputnik Аԥсны афотолентаҿы.
Sputnik
Аԥхын аҵыхәтәантәи амза ҳҭагылоуп, аԥсшьара иасакьаҳәымҭоуп. Уажәааны аҭыԥ ԥшӡарақәеи, амшын аҟәареи аԥшаҳәеи рҟны иуԥыло аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп.
Аԥсны атуризм азы аминистрра иҟанаҵо азгәаҭақәа рыла, аԥхынтәи-акурорттә аамҭа ибзианы имҩасроуп, ҳтәыла иаҭаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара рекордттәхар алшоит.
Ԥхынгәымзазы амшқәа цәгьазар, нанҳәамзазы даара ишоуроуп, амшынӡы аҟәандара ҳаракхеит. Атуристцәа рыԥсы ршьоит, хәылбыҽхала акурорттә қалақьқәа рыԥшаҳәақәа рҿы инеиааиуеит, ихәмаруеит, ишәаҳәоит, икәашоит, аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь ныҟәара ицоит.
1 / 16

Аԥхын аҵыхәтәантәи амза ҳҭагылоуп.

2 / 16

Нанҳәа- аԥхынтәи аԥсшьара иасакьаҳәымҭоуп.

3 / 16

Аԥсныҟа еиҳарак урыстәылатәи атуристцәа роуп иаауа.

4 / 16

Аԥсны атуризм азы аминистрра иҟанаҵо азгәаҭақәа рыла, аԥхынтәи-акурорттә аамҭа ибзианы имҩасроуп.

5 / 16

Ԥхынгәымзазы амшқәа цәгьазар, нанҳәамзазы даара ишоуроуп.

6 / 16

Аҭыԥҳа Пицундатәи аплиаж аҟны амра дыцәиалоуп.

7 / 16

Сынтәа Аԥсны ирзыԥшуп миллионки бжаки атуристцәа.

8 / 16

Ахәыҷқәа рзы еиҿкаауп агәмарҿыӷьгатә хәмаррақәа.

9 / 16

Зықьҩыла атуристцәа ҭаацәала Аԥсныҟа ԥсшьара иаауеит.

10 / 16

Аԥсны амшын аҟәараҿы иагьшоуроуп, иагьыԥшӡароуп, иара убас ара аамҭа шьахәла иухугоит.

11 / 16

Урыстәылатәи атуристка гагратәи аколоннадаҿы дгыланы амшын дхыԥшылоит.

12 / 16

Аԥсны амшын аҟәараҿы иагьшоуроуп, иагьыԥшӡароуп.

13 / 16

Пицундеи Гагреи рҟәарақәа есымшеиԥш иҭацәым.

14 / 16

Уажәааны аҭыԥ ԥшӡарақәеи, амшын аҟәареи аԥшаҳәеи рҟны иуԥыло аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп.

15 / 16

Атуристцәа рыԥсы ршьоит, хәылбыҽхала акурорттә қалақьқәа рыԥшаҳәақәа рҿы инеиааиуеит.

16 / 16

Атуристцәа Аԥсны акурортқәа еиҳа иалырхуеит аратәи амшын цқьеи, аҳауа зҩыдеи, аԥсабара аԥшӡареи, аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасдкылашьеи рзы.