Аԥсны

Аибашьра афотоҭыхымҭақәа рҿы: 413 мши ҵхи Аԥсны ахақәиҭразы

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа бџьарла еиқәных аибашьра иалагоит ҳәа рыламҳәаӡакәа, аихамҩа ахьчара рыдушәа ҟаҵаны, Аԥсны иақәлеит.
Sputnik
Аибашьра ианалагазҵәҟьа актәи амш азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рыԥсадгьыл ахьчаразы игыларц. Иалагеит ахырхарҭақәа хԥа рыла афронтқәа реиҿкаара: Гагратәи, Гәымсҭатәи, Мрагыларатәи.
1 / 25

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа бџьарла еиқәных аибашьра иалагоит ҳәа рыламҳәаӡакәа, аихамҩа ахьчара рыдушәа ҟаҵаны, Аԥсны иақәлеит.

2 / 25

Аԥхьатәи амш аҽныҵәҟьа ақырҭуа ар аҿагылара рырҭеит Аҟәа Ацҳа ҟаԥшь аҿы.

3 / 25

Аха нанҳәа 18 рзы Аҟәа зегьы аӷаца рнапахьы иааргеит, нанҳәа 19 рзы - Гагра.

4 / 25

Жьҭаара 5-6 рзы Гагра ахы иақәиҭтәын, аха анаҩс аԥсуа ар имҩаԥнагаз акыкәа ажәыларақәа лҵшәадахеит.

5 / 25

Жьҭаара 26 рзы Очамчыра ахақәиҭтәразы ажәылара амҩаԥгара иалагеит, аха аԥсуа мшынтә десант аӡхыҵра ахьзалымшаз, ақалақь иалалаз ҳаруаа иззыԥшыз адгылара ахьырмоуз азы рыгәҭакы рзынамыгӡеит, аԥсыҭбарақәа ҟалеит.

6 / 25

Абҵара 3 - Актәи Шроматәи ажәылара Гәымсҭа армарахьтәи аԥшаҳәаҿы. Уигьы ахықәкы азынамыгӡеит.

7 / 25

Нанҳәа 30 - Очамчыра араион Кәачара ақыҭа ахақәиҭтәра.

8 / 25

Ԥхынҷкәын 14 рзы ақырҭцәа иԥыржәеит аҳауа иалаз аурыс вертолиот Ми-8, уи иақәтәан Тҟәарчал иалҵны ицоз ахҵәацәа. Аекипажи 84-ҩык апассаџьырцәеи, ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи 35-ҩык ахәыҷқәеи назлаз, авертолиот иҭаблит.

9 / 25

Ажьырныҳәа 5 - Аҟәа ахақәиҭтәразы илҵшәадахаз ажәылара.

10 / 25

Хәажәкыра 15 - 16 рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы ҩаԥхьа ажәылара иалагеит. Марттәи ажәылара ахықәкы анагӡара алымшеит, иҭахеит 222 аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

11 / 25

Мшаԥы 26 рзы Қырҭтәыла Арбџтармчқәа иртәыз аҳаирплан-жәылаҩ Су-25 Гәдоуҭа ақалақь абомбақәа аланажьит. Аԥсны Арбџьармчқәа иҟарҵаз аҳәамҭала, ари акциа даҽазныкгьы шаҳаҭра ауеит Қырҭтәыла аиҳабыра уаанӡеиԥш агәы ишҭоу "ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа амч ахархәарала рыӡбара".

12 / 25

Лаҵара 22-23 рзы ақырҭуа ган Гәымсҭатәи афронт ахь инарышьҭит 500-ҩык рҟынӡа Украинантәи қьырала еибашьуаз аруаа.

13 / 25

Лаҵара 24 рзы ақырҭуа ар иеихсны икарыжьит амацәаз иҭакыз Тҟәарчал азы агуманитартә еидара згоз урыстәылатәи авертолиот Ми-8. Аекипаж иалаз хәҩык ҭахеит.

14 / 25

Рашәара 15-18 рзы Москва Урыстәыла абжьаҟазарала имҩаԥысит аԥсуа-ақырҭуа еиҿцәажәарақәа актәи рраунд, уи хықәкыс иаман амцаанкыларазы аиқәшаҳҭра аԥҵара.

15 / 25

Ԥхынгәы 2 рзы иалагеит аԥсуа ар Гәымсҭа арымарахьтәи афланг ала ажәылара. Убри аамҭазы Тамшь иӡхыҵит 300-ҩык рҟынӡа амшынтә десант.

16 / 25

Адесантникцәа Мрагыларатәи афронт архәҭақәеи дареи еицхырааны астратегиатә ҵакы змаз атрасса Аҟәа - Очамчыра рнапахьы иааргеит, уи алагьы аӷа ируаа ахырхарҭа хадахьы рышьҭразы алшара имырхит.

17 / 25

Ԥхынгәы 27 рзы Шәача нап аҵаҩын ахымца аанкылареи уи ақәныҟәашьа агәаҭареи рзы аиқәшаҳаҭра.

18 / 25

Аԥсны аҳҭнықалақь аибашьраан зегь реиҳа ааха аиуит, ахыбрақәа акыр иахьа уажәраанӡагьы аибашьра ашьҭақәа ануп.

19 / 25

Цәыббра 16 рзы иалагеит Аҟәа ахақәиҭтәразы аԥсуа ар аҵыхәтәантәи ажәылара.

20 / 25

Убри инақәыршәаны Мрагыларатәи афронт аҿгьы ажәылара иалагеит.

21 / 25

Цәыббра 17 рзы Гәымсҭатәи афронт аҿы аӡиас Гәымсҭа ирит.

22 / 25

Цәыббра 21-26 рзы Аҟәа амҩақәа рҿы аиҿахысрақәа цон, Очамчыратәи афронт аҿгьы лҵшәа бзиала еибашьуан.

23 / 25

Цәыббра 27 рзы ахы иақәиҭтәын Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа.

24 / 25

Цәыббра 30 рзы Аԥсны зегьы ахы иақәиҭтәын. Аԥсуа бираҟ Егры аӡиас аҳәаа иахаргылан.

25 / 25

Цәыббра 30 – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.