Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба апроект "Ақыҭа–ҳара ҳԥеиԥш" иазкны

"Ақыҭа – ҳара ҳԥеиԥш" захьӡу апроект еицымҩаԥыргоит Аԥсны акультура аминистрреи, Аҟәа ақалакь ахадара акультура аҟәшеи. Уи ахықәкы атәы еиҭеиҳәеит Акультура аминистрра иатәу акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Sputnik
"Ақыҭа – ҳара ҳԥеиԥш" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭа ауааԥсыра ирзеиҿкаахоит аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа рконцертқәа. Иахьа раԥхьатәи ақәгылара мҩаԥысуеит Акәасқьа ақыҭан.
"Ақыҭақәа рҟны ахәылԥызқәа, аиԥыларақәа зынӡа имаҷуп, убри аҟынтәи ақыҭақәа алҳхит. Иара ақыҭауаагьы еибанарбоит, иарлахҿыхуеит. Ақыҭа аԥсы ҭаҳҵар ҳҭахуп, ҳдоуҳатә культура иаҵанакуа дҳарбап. Иҟоуп иҵегьы иҟаҳҵаша, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа, алитературатә кружокқәа реиҿкаара наҟ-наҟтәи аус ауп. Акәасқьа ашьҭахь ҳазҭаауа ақыҭа макьана еилкааӡам, уи иаарласны иӡбахоит", - иҳәеит Гәынба.
Иара иажәақәа рыла ашықәс нҵәаанӡа быжьба –ааба қыҭа рҭаара азгәарҭоит уажәтәи апроект ала.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.