Аԥсны

Аԥснытәи ашьхақәа ирыгәҭылак: аҵкы ԥшӡақәа зышәҵаны зыԥсы зшьо аҭыԥҳацәа

Аԥсны аԥсшьараамҭазы арахь иаауа атуристцәа зегьы аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь инеины афотосахьа ссирқәа ҭырхуеит.
Sputnik
Аԥсныҟа атуристцәа аауеит амшын иҭаланы рҿыркәабарц азы адагьы ашьхарахь ахаларазгьы. Аҵкы ԥшӡақәа зшәу аҭыԥҳацәа ашьха рфотоқәа шҭырхуа асоциалтә ҳақәа рҿы лассы-лассы иубар улшоит.
Аӡә иимбац афотоқәа рҭыхразы аԥсшьаҩцәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь ицоит - Каман ақыҭахь, Ауадҳараҟа, Гагратәи ашьхеибаркырахь, Иаӷьатәи аӡхыҽҽахьы.
Уахь ахалара шымариамгьы, аҭыԥ аҿы ианнеиуа рааԥсарақәа зегьы рхашҭуеит, изызгәышьуаз афотоқәагьы рҭыхра иалагоит.
1 / 10

Каман ақыҭахь уназго амҩа иаԥну аӡиас Гәымсҭа ахықәан аҭыԥҳа лфото ҭылхит, лыкәша-мыкәша иҟоу аԥшӡарагьы лбеит.

2 / 10

Ауадҳара атиульпан еиқәаҵәақәа рдәаҿы ашәҭыц еиԥш лыҵкы ҩежь лышәҵаны лфото ҭылхит.

3 / 10

Ари афото ҟаҵоуп Гагратәи ашьхеибаркыраҿы. Аҭыԥҳа лыҵки ажәҩани рыԥшшәқәа еилаҵәоит.

4 / 10

Кушонтәи акаҵәара аԥсшьаҩцәа бзиа ибаны иаҭаауеит.

5 / 10

Шакурантәи аӡхыҽҽа иҷыдоу аԥшӡара амоуп, арахь атуристцәа аӡәырҩы рымҩа хоуп.

6 / 10

Аҵкы шкәакәа, аԥҭа ӡышқәа, анаҟә - абарҭ зегь џьарак ианеицыҟоу афотоҭыхыҩ изы инасыԥуп.

7 / 10

Аҵкы ҟаԥшь зшәу аҭыԥҳа ашьха ақәцәан дахьықәгылоу улаԥш дыҵамшәар ауам.

8 / 10

Ари аҭыԥҳа лакәзар, ашьха иқәыԥхо амра ашәахәақәа лыҽрыҭан дгылоуп.

9 / 10

Иаӷьатәи аӡхыҽҽа амҵан афотоқәа рҭыхра бзиа изымбо дыҟоума, ара аԥшӡареи ахьшәашәареи аҳра руеит.

10 / 10

Аԥсны ашьхарақәа рыԥшӡара акы иеиԥшым, урҭ знык ирҭааз хымԥада ҩаԥхьа дхынҳәыр иҭаххоит.