Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аиҳабы иҳәеит COVID-19 аҵыхәтәа ааигәахеит ҳәа

Уаанӡа, Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аиҳабы Тедрос Адханом Гебреиесус иҳәахьан адунеи зегь аҟны COVID-19 аҟынтәи зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, жәабранмза аахыс ессыҽны 80% еиҵахеит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Апандемиа аҵыхәтәа ааигәахеит, адунеи иалшеит COVID-19 аиааира ҳәа иҳәеит ахаша имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аиҳабы Тедрос Адханом Гебреиесус.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы COVID-19 зыхьны зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара хәажәкырамза 2020 шықәса аахыс зегь реиҳа еиҵан. Ас ҳаиӷьны ҳҟамлацызт, ҳара ҳгәахәтәы мнаӡацт, аха апандемиа аҵыхәтәа ааигәахеит", - иҳәеит иара.
Тедрос Адханом Гебреиесус атәылақәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаиҵеит 100% алаҵаҟаҵарахь рылшарақәа зегьы дырхарц, еиҳарак ашәарҭара иҭагылоу агәыԥқәа.
Аԥсны цәыббра 5 инаркны 14 рҟынӡа акоронавирус зыхьыз 538-ҩык ыҟоуп.
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит цәыббра 5-14 рыҩнуҵаҟа COVID-19 шаҟаҩы ирыхьыз