Аԥсны

Алитературатә хәшҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аартын цәыббра 12, 1974 шықәсазы.
Sputnik
Аԥсуа литературеи акультуреи рышьаҭаркҩы, жәлар рпоет Дырмит Гәлиа 1912 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа иҭаацәеи иареи ари аҩны аҟны инхон.
Ашәҟәыҩҩы 1960 шықәсазы идунеи аниԥсахгьы, иҭаацәа 1974 шықәсанӡа араҟа иҟан, анаҩс Аԥсны анапхгара рыӡбамҭала ауаҭах ҿыц рырҭоит. Аҩны акәзар амузеи алхны иаадыртит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 100 шықәса анҵоз.
Аҩны адәахьтәи ахаҿра зынӡа аҽамԥсахӡеит. Ҩбаны еихагылоу аҩны хә-уадак амоуп, рызегь ашәҟәыҩҩ ирҿиареи иҭҵааратә усумҭақәеи ирызкуп. Амузеи аколлекциаҿ иҟоуп аа-нызқь инреиҳаны аекспонатқәа.
Амузеи аҟны ицәыргоуп Дырмит Гәлиа иԥсы анҭаз иҭижьхьаз аусумҭақәа, инапҩымҭақәа, исалам шәҟәқәа, ипортреҭқәа, ибиустқәа, ашәҟәыҩҩ иҭаацәеи иареи, ииҭаауаз асасцәеи рфотосахьақәа.
1 / 17

Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аартын цәыббра 12, 1974 шықәсазы.

2 / 17

Амузеи ауадақәа зегьы ашәҟәыҩҩ иԥсы анҭаз ишыҟаз еиԥшцәҟа иҟоуп.

3 / 17

Иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп Дырмит Гәлиа иеизигаз ибиблиотека.

4 / 17

Ари аишәа аҿы ауп Дырмит Гәлиа еицырдыруа иҩымҭақәа акыр ахьаԥиҵаз.

5 / 17

Хәы змаӡам даҽа експонатк - жәлар рпоет илабаҷашь.

6 / 17

Дырмит Гәлиа СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылан.

7 / 17

Амузеи аҟны ицәыргоуп аа-нызқь инреиҳаны аекспонатқәа.

8 / 17

Амузеи аҟны ауаҩы ибар илшоит Дырмит Гәлиа иԥсы анҭаз иҭижьхьаз аусумҭақәеи, инапҩымҭақәеи, исалам шәҟәқәеи.

9 / 17

Амузеи аартын ашәҟәыҩҩ ду шәышықәса ихыҵра аҳаҭыр азы.

10 / 17

Дырмит Гәлиа ари акресла-ҟәараҟәанҽаҟны аԥсшьара бзиа ибон.

11 / 17

Амузеи аҟны иҟоуп Дырмит Гәлиа Ленин иорден ианашьаразы СССР Иреиҳаӡоу Асовет апризидиум аусԥҟа.

12 / 17

Ашәҟәыҩҩы Аԥсны аиҳабыра далахәылан, СССР Иреиҳаӡоу Асовети Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовети рдепутатс дыҟан.

13 / 17

Амузеи аҭааҩцәа ирбар рылшоит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы ипортретқәеи ибиустқәеи.

14 / 17

Аԥсны жәлар рпоет еснагь асасцәа рацәаҩны иҭаауан.

15 / 17

Ашәҟәыҩҩ ду имаҭа Дырмити иареи.

16 / 17

Амузеи аҟны ицәыргоуп Дырмит Гәлиа иалкаау иҳәамҭақәа.

17 / 17

Уажәы Дырмит Гәлиа илитература- мемориалтә музеи аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит.