Аԥсны

Аҟәа акаҳуажәырҭа амца акит

Аҟәатәи акаҳуажәырҭақәа руак аҟны амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ жәба рзеиԥш.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аҟәа Коӷониа амҩаду аҟны иҟоу акаҳуажәырҭа "Le Chalet" амца акит ашьыжь ашәахьа, цәыббра 26 рзы.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ жәба рзеиԥш.
Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит амцарцәаҩцәа, уажәтәи аамҭазы аиқәырхаҩцәа амца дырцәоит.
Амцакра зыхҟьаз макьана иҳәам.