Аԥсны

Аҟәатәи акаҳуажәырҭаҿы амцакра зыхҟьаз шьақәдыргылеит

Аҟәатәи акаҳуажәырҭа "Le Chalet" аҟны амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ жәба рзеиԥш.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аҟәа акаҳуажәырҭа "Le Chalet" аҟны амцакра афымцеидыслара иахҟьеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амцарцәаҩцәа амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит асааҭ 08:49 рзы.
Амца дырцәон амцарцәаратә машьынақәа хәба. Аӡәгьы машәыр имыхьӡеит.
Аԥсны
Аҟәа акаҳуажәырҭа амца акит