Аиааира амш аламҭалаз: Мықәашҭа аҽыбӷаҟазара аныҳәа

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 29 шықәса ахыҵра аламҭалазы Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит.
Sputnik
Аҽырыҩра, аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл – абарҭ зегьы Мықәашҭа аҽыбӷаҟазаратә еиндаҭлараҟны имҩаԥган.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахьӡала 1200 метра иҩуан ҳтәылаҟны ииз аҽқәа: актәи аҭыԥ игеит Дмитри Қардиа-иҽы Аврора, аҩбатәи аҭыԥ ианашьахеит Кандит Лагинӡиа- иҽы Новелла, ахԥатәи аҭыԥ- Ренат Гурчиан, иҽы Рыжик. Аԥхьахә ҭыԥқәа згаз амобилтә еимадара "Аҟәафон" аҟынтәи ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи- 50, 30, 20 нызқь мааҭ ранашьан.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара ахьӡала 2000 метра иҩуан. Араҟа Аԥсны ииз ҩышықәса еиҳаны изхыҵуа аҽқәа еиԥхныҩлон. Актәи аҭыԥ игеит Дмитри Қардиа-иҽы Френки, аҩбатәи- Витали Агрба-иҽы Абазг, ахԥатәи- Саир Гәымба-иҽы Бриу Колби. Аԥхьахә ҭыԥқәа згаз амобилтә еимадара "Амобаил" аҟынтәи ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи- 50, 40, 30 нызқь мааҭ ранашьан.
Аҽқәа 2000 метра иҩуан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала. Актәи аҭыԥ игеит аҽыбӷаҟаза Ҭимыр Чхабелиа-иҽы Абель-фолс, аҩбатәи-Витали Агрба-иҽы Седа, ахԥатәи- Саид Бабоӷлы-иҽы Наваро. Дара 70, 50, 30 нызқь мааҭ ранашьан.
1 / 13

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 29 шықәса ахыҵра аламҭалазы Мықәашҭа аицлабрақәа мҩаԥысит.

2 / 13

Аҽырыҩра, аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл – абарҭ зегьы Мықәашҭа аҽыбӷаҟазаратә еиндаҭлараҟны имҩаԥган.

3 / 13

Аҽылампыл аицлабраҟны актәи аҭыԥ ргеит "Кәыдры", аҩбатәи-Џьгьарда акоманда, ахԥатәи-тамшьаа.

4 / 13

Аҽыбӷаҟазара аныҳәа иаҭааит хыԥхьаӡара рацәала ауаа.

5 / 13

Еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла аҽқәа еиԥхныҩлон.

6 / 13

Атәыла ахадацәа хҩык - Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Аслан Бжьаниа Рыхраҿақәа ргаразы аҽыбгаҟазацәа еиндаҭлон.

7 / 13

Аныҳәа далахәын Аслан Бжьаниа.

8 / 13

Аҵәеигәыдҵа- амилаҭтә хәмаррақәа рыхкқәа иреиуоуп.

9 / 13

Аҽыбӷаҟазацәа аҵәы еигәыдырҵоит.

10 / 13

Аҵәеигәыдҵараҿы актәи аҭыԥ ргеит тамшьаа, аҩбатәи Џьгьарда, ахԥатәи- "Кәыдры".

11 / 13

Аҽырхәмарра абзиабаҩцәа аҳаргь иҵатәаны ахәмаррақәа ирыхәаԥшуан.

12 / 13

Аԥхьахә ҭыԥқәа згаз ахраҿақәа ранашьан.

13 / 13

Уи адагьы, аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа рыҭан.