Аиааира Апарад: Аҟәа аныҳәа ишаԥылаз

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәарҭоит.
Sputnik
Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа, зынӡа иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.
1 / 16

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәарҭоит.

2 / 16

Апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

3 / 16

Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба,

4 / 16

Апарад ахәаԥшразы иааит хәыҷи-дуи...

5 / 16

...иара убас наҟ-наҟтәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.

6 / 16

Апарад иалахәын 600-ҩык аррамаҵзурауаа.

7 / 16

Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

8 / 16

Еиҳау Ашкол амилициа акурсант.

9 / 16

Аԥсуа ҭыԥҳа хәыҷқәа имҩаԥысуа игәырӷьаҵәа иахәаԥшуеит.

10 / 16

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит.

11 / 16

Хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа агеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.

12 / 16

Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.

13 / 16

Цәыббра 27 1993 шықәса рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын.

14 / 16

Цәыббра 30 1993 шықәсазы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.

15 / 16

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны-цәыббра 30 рзы Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

16 / 16

Апарад иалахәын арратә оркестр.