Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьоууа амҩатә машәырқәа ирызкны

Аҳәынҭқарратә автомобилтә инспекциа аусбарҭа ԥасатәи аиҳабы, аԥышәа змоу амашьынарныҟәҵаҩ Нугзар Шьоууа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит амҩатә машәырқәа рызҵаара ӡбашьас иамоу, урҭ аиҳарак изыхҟьо, арныҟәцаҩцәеи аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәеи рхымҩаԥгашьа атәы.
Sputnik
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҟны иактуалтәу астатистика кьыԥхьуп. Ҳазҭоу ашықәс жәымз рыҩныҵҟа амҩатә машәырқәа 157 ҟалеит, иҭахеит 46-ҩык, ахәрақәа роуит 223-ҩык. Амашьынақәа рхыԥхьаӡара иацлоит, аԥҟарақәа рықәныҟәара аӡәгьы иҭахӡам, ҳдыррақәа маҷу, азакәан ҳацәымшәоу, ҳхы ҳамеиҷаҳауоу, изыхҟьозеи амҩатә машәырқәа, абри атәы арадиоефир аҿы далацәажәеит Нугзар Шьоууа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.