Аԥсны

Мрагыларатәи "акаршә": очамчыратәи аихамҩатә аангыларҭа

Асоветтә аамҭа иаҭынхаз аихамҩатә вокзалқәа рфотоҭоурых шәыднагалоит Sputnik Аԥсны. Иахьатәи "афырхаҵа" - Очамчыратәи авокзал.
Sputnik
Очамчыратәи аихамҩатә вокзал, егьырҭ авокзалқәа реиҳарак реиԥш, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы ааха ӷәӷәа аиуит. Ахыбра иахьа уажәраанӡа ишьақәыргылам.
Игәыгәҭажьу ахыбра аибашьра ашьҭақәа анубаалоит, аҩнуҵҟа жәырҭроуп. Аангыларҭа арахә рзы хыҵакырҭахеит. Ус ишыҟоугьы, Аԥсны аихамҩақәа рофициалтә саит аҟны иануп араҟа Тҟәарчалнтәи иаарго арацәа аӷбақәа рахь аиҭақәҵара шымҩаԥырго.
2021 шықәса нанҳәамзазы Аԥснытәи аихамҩақәа адырра ҟарҵеит Аҟәа инаркны Очамчыранӡа аихамҩақәа шыдрыцқьо, ас еиԥш аусурақәа аибашьра ашьҭахь имҩаԥгамызт.
1 / 9

Аихамҩатә аангыларҭа "Очамчыра" –аихамҩатә цәаҳәа "Ԥсоу-Егры" иахәаҭакуп.

2 / 9

Иахьатәи аҭагылазаашьа злаҟоу ала, ухаҿы аагара уадаҩуп араҟа аԥсҭазаара еилашуан ҳәа.

3 / 9

Аангыларҭа ахьӡ зну аҭӡы еиқәханы иҟоуп.

4 / 9

Ахыби, аҭыӡқәеи, аргыларақәеи еилабгеит.

5 / 9

Ахыбра зегьы ашәшь ахьыссы иҟоуп.

6 / 9

Агәашьақәеи аҭыӡқәеи ахәаԥа иаганы иҟоуп.

7 / 9

Очамчыратәи аихамҩатә вокзал, егьырҭ авокзалқәа реиҳарак реиԥш, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы ааха ӷәӷәа аиуит.

8 / 9

Ахыбра иахьа уажәраанӡа ишьақәыргылам.

9 / 9

Аԥсны аихамҩақәа рофициалтә саит аҟны иануп араҟа Тҟәарчалнтәи иаарго арацәа аӷбақәа рахь аиҭақәҵара шымҩаԥырго.