Аԥсны

Аҟәа амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит хҩык аахақәа роуит

Абҵара 2 рзы Аҟәа Курченко лпарк ааигәара амашьынақәа ԥшьба злахәыз амҩан амашәыр ҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аӡәы дҭахеит, хҩык аахақәа роуит абҵара 2 рзы Аҟәа Курченко лпарк ааигәара ԥшьмашьынак реиҿасра иахҟьаны ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа.
Иара иажәақәа рыла, иҟалаз амашәыр ашьҭахь ахаҵа ахәшәтәырҭахь днаган, аха аҳақьымцәа ацхыраара иҭарагьы изахьымӡеит.
Ааха зауз аҽа ҩыџьа ахәшәтәырҭа иҭоуп. Руаӡәк анеирохирургиа аҟәшаҿы дышьҭоуп, ихы идыруеит ибӷашшара ааха амоуп. Иҭагылазаашьа бжьаратәла ихьанҭоуп.
Аҩбатәи –атравматологиа аҟәшаҿы дышьҭоуп. Игәыцҟьа ааха амоуп.
"Амашәыр иақәшәаз ишьапы ԥҵәоуп, ихы идыруеит. Ишьапы аортез амоуп. Иҭагылазаашьа бжьаратәла ихьанҭоуп", - ҳәа иҳәеит аҳақьым хада.
Амҩан амашәыр иақәшәаз аҽаӡәгьы ахәшәтәырҭахь днаргеит, аха уи ишьҭаҵара аҭахны иҟамлеит, илахь ахәра иамаз аус адыруылеит.
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла абҵара 2 рзы Курченко лпарк ааигәара амашьынақәа ԥшьба злахәыз амҩан амашәыр ҟалеит.