Зегь реиҳа зыхә ҳараку аххыла: Афганистан ашафран шырҟәшәо

Ашафран (ацәыбрахә) – ахәыҟаҵараҿы зыфҩы лаҳа-лаҳауа аххыласи апатыркалԥшшәы аиурази рхы иадырхәоит, иара ҟарҵоит ирԥшшоу ашәҭыц агәыцә иалхны.
Sputnik
Ашафран (ацәыбрахә) – ирԥшшоу ашәҭыц агәыцә лаганы ахәыҟаҵараҿы афҩы архаареи апатыркалԥшшәы аиурази рхы иадырхәоит.
Жәытә аахыс ашафран адунеи аҟны даара зыхә ҳараку афатәҟаҵараан рхы иадырхәо зыфҩы хаау ххыланы иԥхьаӡоуп. Иара иахылҵуеит илаҳа-лаҳауа афҩы ҷыда, агьамалагь маҷк иаацаҳә-цаҳәоит. Лассы-ласс ахархәара арҭоит ахаа-мыхаақәа аныҟарҵо иара убас аҭубар, ашә, аликиор уҳәа.
Ауаҩы аалыҵ мазеины ианибо, уи шаадрыхуа иацу аџьабаа издырӡом.
Ашафран (ацәыбрахә) кьылак аҟаҵаразы иаарыхтәуп 200 нызқь шәҭы.
Sputnik ишәыднагалоит Афганистан ашафран шәҭы (ацәыбрахә) шырҟәшәо атәы аазырԥшуа афотосахьақәа.
1 / 8

Ашафран (ацәыбрахә) – ирԥшшоу ашәҭыц агәыцә лаганы иҟарҵоит.

2 / 8

Ашафран (ацәыбрахә) аххыла кьылак аҟаҵаразы иаарыхтәуп 200 нызқь шәҭы.

3 / 8

Ашафран шәҭы ирҟәшәаз агәыцә арахәыц еиԥш иҭыргоит.

4 / 8

Аххыла кьылак хнызқь доллар инаркны иаԥсоуп.

5 / 8

Адунеи аҟны 90% ашафран шәҭы рыҟәшәоит Иран, аха иҟоуп егьырҭ атәылақәагь Афганистан еиԥш иахьырҟәшәо.

6 / 8

Абырзенқәеи аурымқәеи ашафран иалхны афҩыхаа зхылҵуаз аӡы ҟарҵон, аматәа иқәырҭәон ауадақәа ирыҩнарҭәон.

7 / 8

Аамҭа цацыԥхьаӡа хәыҷы-хәыҷла ашафран Европа атәылақәагь иаадрыхуа иалагеит, ус Америкаҟагьы иқәнагалеит.

8 / 8

Ааигәа Мрагылареи, Азиеи, Мраҭашәара Европеи ашафран рхы иадырхәоит аԥрынџь, агәырҟәыд уҳәа ирылху акыр афатә хкқәа рыҟны. Иара убас амажәа апатыркалԥшшәы аанахәарц.