Аԥсны

Гәдоуҭаа аферымцәа: ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал

Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааит аҟәатәи акоманда "Нарҭ" ианацхәмаруаз 4:2 ҳәа.
Sputnik
Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарра мҩаԥысит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны.
Ахәмарра иалагеит аҳҭнықалақь ашьапылампыласыҩцәа ржәыларала. 13-тәи аминуҭ азы "Риҵа" амба ампыл ҭаиршәит "Нарҭ" ахәмарыҩ Ҭемыр Агрба.
Минуҭқәак ааҵуаны "Риҵа" ахәмарыҩ Леон Аиба илиршеит ампыл аҭаршәра. Анаҩс "Риҵа" аҽа мпылкгьы аҭаршәра алнаршеит. Ахәмарра хыркәшахеит 4:2 ҳәа. Абас ала гәдоуҭатәи акоманда Аԥсны Ахраҿа иаԥсахеит.
1 / 17

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарраҟны еиқәшәеит акомандақәа "Нарҭи" "Риҵеи".

2 / 17

Аԥсны Ахраҿа агаразы акомандақәа даара рҽазыршәеит.

3 / 17

"Нарҭ" ахәмарыҩцәа хылагь ампыл иасуеит.

4 / 17

"Нарҭ" аиҳабы Геннади Ҵнариа ҭынч ахәмарра дзахәаԥшуамызт.

5 / 17

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарра мҩаԥысит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны.

6 / 17

Аӡбаҩ хада Дмитри Жуков блаҵарыла ахәмарра дацклаԥшуеит.

7 / 17

Аицлабраҿ иҟан ухыҿы иаанхоз ашәымҭақәак.

8 / 17

Ахәаԥшцәа аинтерес зҵаз ахәмарра гәахәарыла иахәаԥшуан.

9 / 17

Ахәмарра раԥхьатәи ампыл ҭаиршәит "Нарҭ" ахәмарыҩ Ҭемыр Агрба.

10 / 17

"Нарҭ" ахәмарыҩ аӡбаҩ диқәшаҳаҭым.

11 / 17

Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рцәаныррақәа хышхыҵәон.

12 / 17

Ахәмарра иазыԥҵәаз аамҭа хада хыркәшахеит 2:2 ҳәа.

13 / 17

Иаиааиуа ишьақәыргылараз аӡбаҩ 15-15 минуҭ иҟаз ҩ-таимк ациҵеит.

14 / 17

Аамҭацҵа иалагӡаны "Риҵа" ахәмарыҩцәа ирылшеит даҽа ҩ-мпылк амба аҭаршәра. Уи алагь аиааира ргеит.

15 / 17

Аиааира згаз "Риҵа" адгылаҩцәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт.

16 / 17

Гәдоуҭатәи ашьапылампыласыҩцәа Ахраҿа рнапаҿы иҟоуп.

17 / 17

Уаанӡа "Риҵа" Ахраҿа агахьан 2015 шықәсазы.