Аԥсны

Ахьы зхьыршоу: ҭагалан Sputnik Аԥсны афотолентаҿы

Аԥснытәи ҭагалан убла хнакуеит, аԥсабара ҭалаҳауп ихьҩежьу, ицәхаԥшьу, иахьаԥшшәылоу уҳәа ԥштәы рацәала. Убри аан ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу аҵиаақәагьы ари асахьа дырԥшӡоит.
Sputnik
Иара убас ҭагалан Аԥсны аҽаҩра аингалара иаамҭоуп, ақыҭауаа рурақәа ҭагаланы аӡынтәи аҭаҵәахқәа еиқәдыршәоит, ашәыр дырҩоит.
1 / 18

Аԥсны ҭагалан шааиз еиҳа иуныруеит абҵарамзазы. Убасҟан ауп аԥсабара ахьтәы маҭәа анашәнаҵо.

2 / 18

Абри аамҭазы аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа ажьҭаара иалагоит.

3 / 18

Амҵәышә рыманы аҵлақәа ирхалоит.

4 / 18

Раԥхьа иргыланы аҩ ҿа - амаҷар ҭарҭәоит.

5 / 18

Иара убас абҵарамзазы амандарина аҭаара иалагоит.

6 / 18

Ари ашәыр хьы-уаркалеи ҩнаҭацыԥхьаӡа аишәа иахьықәым ыҟам.

7 / 18

Амандарина афара адагьы, уи ашәырӡы алырхуеит, еиларшны аџьемқәа рылырхуеит.

8 / 18

Ақыҭауаа иара убас русқәа иреиуоуп аԥҳә аизгара - уи ақыҭанхамҩаҿы даара ихәарҭоуп.

9 / 18

Аԥсуа ҳәсақәа ракәзар, рхьынапқәа ирзымдыруа ак ыҟам - аџьанџьыхәа, ахәырмарҩа, алаҳарҩа уҳәа ахаамыхаақәа ҟарҵоит.

10 / 18

Ахәырмарҩа зегьы бзиа еицырбоит, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы уи агьама рымбакәа руам. Иара ацәа ахыхны, ашьапқәа еидҿаҳәаланы амра ицәҵаны идырҩоит.

11 / 18

Иара убас аԥсуаа жәытәаахыс иҟарҵо ахаақәа иреиуоуп аџьанџьыхәа. Араса ма акакан рыԥхны, ажьырӡы шылала еиларшны, иӡаашьны икнаҳаны идырҩоит.

12 / 18

Ақыҭаҿы иахьа уажәраанӡа имаҷҩым ацқәа ҵаҳәаны уардынла амхы ҭазгало.

13 / 18

Аџьықәреи шьапқәа ирыкәшо аҟәыд иазҳауеит, урҭ еицҭаргалоит.

14 / 18

Иҭаргалаз аџьықәреи цәдырҳәуеит.

15 / 18

Нас аца иҭарԥсоит. Аца шышны иахьыҟоу иабзоураны аҳауа ҩнасуеит, аџьықәреи ус акыраамҭа иԥхасҭахаӡом.

16 / 18

Аԥснытәи ҭагалан убла хнакуеит, аԥсабара ҭалаҳауп ихьҩежьу, ицәхаԥшьу, иахьаԥшшәылоу уҳәа ԥштәы рацәала.

17 / 18

Ари аамҭазы иагьыхьҭацәам, иагьшоурам, сааҭла унеиааиуазаргьы, угәы ԥҵәом.

18 / 18

Ушьапы ахьнылаургылалак, џьара ссирк уԥыхьамшәар ауам.