Аԥсны

Виачеслав Володин раԥхьаӡа акәны аофициалла Аԥсны иаҭаара

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин аофицалла Аԥсны даҭааит ԥхынҷкәынмза акы азы.
Sputnik
Виачеслав Володин Аԥсны аҳҭнықалақь даҭааит вертолиотла. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы диԥылеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба.
Аусутә еиԥылара иалагаанӡа Володини Ашәбеи Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Анаҩс Апарламент аҟны имҩаԥысит Володини Ашәбеи реиԥылара.
Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володини Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи.
Иара убас, Урыстәыла Аҳәынҭдума аиҳабы диԥылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
1 / 8

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин аофицалла Аԥсны даҭааит ԥхынҷкәынмза акы азы.

2 / 8

Виачеслав Володин Аԥсны аҳҭнықалақь даҭааит вертолиотла.

3 / 8

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы диԥылеит иколлега Лаша Ашәба.

4 / 8

Володини Ашәбеи Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

5 / 8

Аԥсны Жәлар Реизараҟны имҩаԥысит Володини Ашәбеи реиԥылара.

6 / 8

Аганқәа алацәажәеит апарламентбжьаратәи аимадарақәа рыҿиара.

7 / 8

Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит.

8 / 8

Иара убас, Урыстәыла Аҳәынҭдума аиҳабы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит.